Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны ҩаԥхьа ашьхатә домбеиқәа цәырҵыр алшоит

© Sputnik / Михаил Кухтарев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЗубры.
Зубры. - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.06.2024
Анапаҵаҩра
Аԥыза-министр имҩаԥигаз аиԥылараҟны иалацәажәеит адомбеиқәа Аԥсныҟа раагара аус аиҿкаара азҵаара.
АҞӘА, рашәара 28 Sputnik. Урыстәыла аԥсабаратә мали аекологиеи рминистрра Аԥсны аекологиаз Аҳәынҭеилакы инанашьҭыз азҵаатәхәы ала ареспубликахь ашьхатә домбеиқәа раагарзы еизаку аплан еиқәнаршәеит.
Аԥсуа ган урыстәылатәи рколлегацәа шықәсыбжак аԥхьа амҩатә хсаала рзыршьҭхьан иҳәеит адепутат Резо Занҭариа аԥыза-министр Александр Анқәаб имҩаԥигаз аилацәажәара аҟны.
"Аекологиа аинститут аиҳабы Роман Дбари сареи ҳаицәажәараан ҳазааит, 1926 шықәсазы Аибга ишыршьыз усҟантәи аамҭазы аҵыхәтәантәи адомбеи. Убысҟын агәазыҳәара сызцәырҵит дара ҩаԥхьа ҳашьхақәа рыҟны анҵара. Сыҽрымаздеит Урыстәыла аԥсабара аминистрра. Шықәсык аахыс аиҿцәажәарақәа цоит", — иҳәеит Резо Занҭариа.
Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны аԥсуа ҟазацәа Кавказтәи аԥсабаратә абиосфератә ҳәырԥсарра иаҭааны ашьхатә домбеиқәа рекологиа ҭырҵаауан. Иаԥҵахоит аԥсуа-аурыс аусуратә аексперттә гәыԥ.
Ашәарахқәа анҵахоит Ԥсҳәы-Гәымсҭатәи ахәырԥсарраҟны. Уи азын иалхтәуп дара иахьырнаало аҭыԥ.
Ферма Благородных оленей в селе Каман - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.06.2024
Аԥсны
Кавказтәи абынҽацәқәа: аԥснытәи абнақәа зырбеио
Ажәабжьқәа зегьы
0