Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Хьыбба Аԥсны аҭоурых атәы зҳәо ахыҵхырҭақәа ирыцу ауадаҩрақәа ирызкны

Хра злоу ахҭысқәа: Хьибба Аԥсны аҭоурых атәы зҳәо ахыҵхырҭақәа ирыцу ауадаҩрақәа ирызкны
Анапаҵаҩра
"Аԥсны аҭоурых ахыҵхырҭақәа" захьӡу астол гьежь мҩаԥнагеит Аԥсны ахада иҟны иаԥҵоу Аҵарауаа ҿарацәа рхеилак. Аҭоурыхдырыҩцәа, археологцәа, аетнологцәа ажәахәқәа ҟарҵеит аритуал-мифологиатә хыҵхырҭақәа, Аԥсны Абаагәара ду, аибашьратә бзазара амаҭәарқәа, Аԥсны XIX ашә. аҭоурых азы ареволиуциа ҟалаанӡатәи ахыҵхырҭақәа уҳәа атемақәа ирызкны.
Аиԥылара алахәыла, ААУ аспирант Даур Хьыбба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит, Аԥсны аҭоурых атәы зҳәо ахыҵхырҭақәа рыԥшаара ирыцу ауадаҩрақәа ртәы.
Хьыбба игәаанагарала Аԥсны аҭоурых аҭҵаараҿы аԥсуа хыҵхырҭақәа рыдагьы, егьырҭ амилаҭқәа рҵарауаа рхыҵхырҭақәагьы ахархәара рымазароуп. Иара иааигеит аҿырԥштәы, уи аҭахны изыҟоу.
Аҵарауаҩ қәыԥш иҳәоит, аҭҵааратә усумҭақәа ишахәҭоу аус рыдуларцаз, аматериалқәа инарҵауланы ишыҭҵаатәу, ирацәаны ахыҵхырҭақәа шаҭаху. Уи аҿы лассы-лассы ауадаҩрақәа рԥылоит дара.
Аиҿцәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0