Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Џьниаԥҳа еиҭалҳәеит аԥхын Аԥснытәи афилармониаҿы ахәаԥшцәа ирбарц ирылшо аконцертқәа ртәы

Џьниаԥҳа еиҭалҳәеит аԥхын Аԥснытәи афилармониаҿы ахәаԥшцәа ирбарц ирылшо аконцертқәа ртәы
Анапаҵаҩра
Аԥхын аҳәынҭқарратә филармониаҿы ахәаԥшцәа ирзыԥшу акультуратә усмҩаԥгатәқәа, иабанӡабеиоу апрограмма, артистцәа ррепертуар зеиԥшроу, аклассикатә музыка иамоу азҿлымҳара змаҷу уҳәа азҵаарақәа дрылацәажәеит арадио Sputnik аефир аҟны Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа асахьаркыратә напхгаҩы Есма Џьниаԥҳа.
Афилармониа асахьаркыратә напхгаҩы илҳәеит ԥхынгәы 2 рзы ишазгәаҭоу абаҩхатәра ду злоу апианиноарҳәаҩы Евгени Михаилов иқәгылара. Иара 2019 шықәсазы Аԥснытәи афилармониаҟны дықәгылахьан, уажәы апрограмма ҿыц ааигоит.
"Аплан иарбоу ауснагӡатәқәа ртәы ҳҳәозар, ииульмзазы убасгьы Челиабинсктәи амузыкантцәеи ҳареи аконцертқәа ҩба ҳамоуп. Актәи мҩаԥысуеит Пицундатәи ауарӷантә зал аҿы. Ииуль 17 рзы амузыкантцәа ықәгылоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы. Иҳадыргалоит даара аинтерес змоу апрограмма. Ҳара ҳасценаҿы макьана дмааицызт абандонеон азарҳәо, уи амырзакан иазааигәоу, мамзар анемсаа рконцертина ҳәа ззырҳәо иазааигәоу инструментуп. Павел Кожевников иаирҳәоит абандонеон, Роман Севастианов - афортепиано. Рпрограмма еиқәыршәоуп еиҳарак аргентинатәи танго ала, аха иҟалоит егьырҭ аконцерт номерқәагьы. Кристина Ешԥҳагьы ашәа рыцылҳәоит", - лҳәеит Џьниаԥҳа.
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа асахьаркыратә напхгаҩы еиҭалҳәеит иарбан концертқәоу иҵегьы ахәаԥшцәа ирбар рылшо асцена хадаҟны.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0