Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Зеижәымзар ҩажәа" - ахыԥхьаӡаратә магиа

CC0 / / Книги и учебники
Книги и учебники - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.06.2024
Анапаҵаҩра
Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа ланҵамҭа азкуп ахыԥхьаӡаратә магиа аԥсуаа шазыҟоу.
Ахыԥхьаӡара ауаҩы иԥсҭазаараҿы абстрактә ҵакы рыманы иҟоуп. Алашареи алашьцареи еснагь ишеиҿагылоу еиԥш, абстрактла иуҳәозар, ахыԥхьаӡарақәагьы аиҿагыларатә ҟазшьа аадырԥшуеит "алашареи" "алашьцареи" рсимволика ала. Зыӡбахә ҳамоу ишои имшои ахыԥхьаӡарақәа рмифологиатә ҵакқәа роуп. Абзазаратә ҭагылазаашьаҿы ибзиоу, иманшәалоу, иҵоуроу хыԥхьаӡарақәаны иԥхьаӡоу имшо роуп (3, 5, 7, 9 …). Ишо ахыԥхьаӡарақәа – иҵоурам, амч лашьцақәа ирыдыркылоит.
Абстрактла иаҳҳәозар, ачарақәеи аԥсрақәеи анымҩаԥырго амшқәа амагиатә семантикатә ҵакы рыҵаҵаны иаарԥшуп. Араҟа аԥсреи абзареи иаарҳәу ацәа рҟәынҵоуп. Иаҳҳәап, ашәахьа, ахаша, ахәаша реиԥш иҟоу амшқәа рзы ачарақәа руӡомызт (ҳаамҭазы ачараурҭа ҭыԥқәа ҭацәны иахьырмоуа иахырҟьаны уи аԥҟара анеиларго шмаҷымгьы, уаанӡа акәзар, "хашеи хәашеи ачара шԥаууеи, иҵасым, аҩысҭаа имшуп" рҳәарын). Амчыбжь аҩбатәи, аԥшьбатәи, афбатәи амшқәа (аҩаша, аԥшьаша, асабша) еиуеиԥшым аритуалқәа анымҩаԥырго мшқәоуп.
Ишои имшои ахыԥхьаӡара магиатә ҟазшьақәа амчыбжь амшқәа иахьрыдырҳәало анаҩсгьы еиуеиԥшым аритуалқәа рҟны заҟаҩы ауаа аладырхәуа, заҟа маҭәар ыҟоу рахьгьы ииаргоит. Иаҳҳәап: аритуалтә чыс аҟаҵаразы хҩык, хәҩык, быжьҩык уҳәа хыԥхьаӡара зеиуоу ауаа адрыԥхьалоит, мамзаргьы изыхныҳәо акәзар, чашәк, х-чашәк…, ма жәеиза, ҩеижәиак кәакәар ҟарҵоит.
Нитки - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.04.2020
Аҩны аԥара дәылыргом, иӡахуам, анышә ркуам: аԥсуаа амшшьара ишазыҟоу
Ишои имшои ахыԥхьаӡарақәа рмагиа аԥшрақәа рҟынгьы иаарԥшуп. Ҿырԥштәыс иааҳгозар, х-мҩак ахьеихагылоу аӡырыҩра амҩаԥгара (Нанҳәа аухазтәи аритуал). Еиуеиԥшым алаԥш ҭәҳәақәа аныҟарҵогьы заҟантә еиҭарҳәо иацклаԥԥшуеит, заҟаҩы иддырҳәар бзиоу ҳәа ишьақәыргылан иҟоуп, уимоу иара амшқәагьы иаҳа иазыманшәалоу азалхуп. Ахәышәтәратә магиа аҟны (жәлар рмедицинала) акәзаргьы аԥыжәара амоуп имшо ахыԥхьаӡаратә функциа – аҵиаа шьапқәа рхыԥхьаӡара, ахәшә аныҵырхуа амш уҳәа иреиуоу азԥхьагәаҭарақәа.
Ахыԥхьаӡаратә магиа – аҟара- еиҟарам, ишо-имшо аханатә адунеи ашьақәгылашьа, аиҿкаашьа, акосмогониа иадырҳәалон. Ахыԥхьаӡаратә ҵакқәа ауаҩытәыҩса иԥсҭазаара иалаҵәаны иҟоуп. Ҳрыхәаԥшып аԥсуа лакәқәа рышьақәгылашьа хыԥхьаӡаратә функциала: "Хҩеишьцәа", "Хҩык аишьцәеи раҳәшьазаҵәи", "Хҩеишьцәеи агәылшьапи", "быжьҩык аишьцәа"… Нарҭаа рҳәамҭақәа ҳгозар, Нарҭ Сасрыҟәа дышәҩыкын (Нарҭ Сасрыҟәеи 99-ҩык иара иашьцәеи), Гәында-ԥшӡа дрыцаҳҵозар, 101-ҩык.
Ахыԥхьаӡарақәа злоу ажәаԥҟақәа:
Асас быжь-насыԥк ицуп, данцо акы аанижьуеит
Аӡәк дышәҩыкуп
Ахьы хәыҷуп, аха шәкы ицоит
Гаӡак аӡмах иалаижьыз ахаҳә жәаҩык ирызҭыгомызт…
Ажәабжьқәа зегьы
0