Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Москва Аиҳабыра аҳәаанырцә инхо рџьынџьуаа рзы арҵаратә проект еиҿнакаауеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Правительство Абхазии утвердило проект республиканского бюджета на 2022 год
Правительство Абхазии утвердило проект республиканского бюджета на 2022 год - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.07.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 2 Sputnik. Москва Аиҳабыра аҳәаанырцә инхо рџьынџьуаа рзы имҩаԥырго арҵаратә проект "Проектный акселератор" акомандақәа рҟынтәи азыҳәақәа аднакылоит ԥхынгәы 14 рҟынӡа.
Москва Аҩны аҿар рыпроектқәа рзы аҟазауаҩ хада Ольга Дормидошина Sputnik ишазеиҭалҳәаз ала, апроект х-хәҭакны ишоуп:
4–7-ҩык злахәу акоманда еизганы аҭаҩра иахысроуп, аформа харҭәаатәуп абри азхьарԥш ала;
латәарадатәи ахәҭа ԥхынгәы 17 инаркны нанҳәа 12-нӡа — акомандақәа аҟазаратә-классқәа ирҭаауеит, апроекттә менеџьмент знапы алаку аекспертцәа рҟынтәи авидео урокқәа роуеит;
латәаралатәи ахәҭа Москва имҩаԥыгахоит, уахь инашьҭхоит латәарадатәи ахәҭаан зҽалызкааз иреиӷьу акомандақәа.
Акультура-гуманитартә проектқәа рымҩаԥгаразы х-командак Москва Аиҳабыра рҟынтәи афинанстәии аиҿкааратәии цхыраара роуеит.
"Проектный акселератор" 2022 шықәса раахыс имҩаԥыргоит. Иалахәхахьеит адунеи атәылақәа 10 рҟынтәи 450-ҩык. Сынтәа раԥхьаӡа акәны рхы аладырхәит Ҭырқәтәылеи Аахыҵ Уаԥстәылеи. Аԥсны хышықәсоуп апроект иалахәуижьҭеи.
Аиҿкааҩцәа —Москва Аиҳабыра, Москва ақалақь адәныҟаекономикатәии жәларбжьаратәии аимадарақәа р-Департамент, Москва Аҩны.
Ажәабжьқәа зегьы
0