Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟәа Ереван аанаԥхьоит Қырҭтәыла аҵакыратә акзааразы "ашаблонтә фраза" ахы ианамырхәаларц

© Sputnik / Томас Тхайцук Лого МИДа Абхазии
Лого МИДа Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.07.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 4 - Sputnik. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Ермантәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь ааԥхьара ҟанаҵеит Қырҭтәыла аҵакыратә акзааразы ашаблон ҟазшьа змоу ацәажәарақәа мҩаԥнамгаларц, уи иҟоу аҭагылазаашьа иаша иахьақәымшәо азы.
Ермантәылеи Қырҭтәылеи рыдәныҟаполитикатә усбарҭақәа рхадацәа Аратат Мирзоиани Илиа Дарчиашьвилии Қырҭтәыла аҵакыратә акзаареи асуверинитети пату рықәҵатәуп ҳәа аҳәамҭа ҟарҵеит ԥхынгәы 3 рзы.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра инаҵшьны иазгәанаҭоит ареспублика асуверентә статус зқьыла аԥсҭазаарақәа шахҭынҵоу, Аԥсны знылаз амҩа аныҵрагьы агәы ишҭам.
"Абри инамаданы аерман ган ааҳаԥхьоит Қырҭтәыла акзаараз иҟам, аиаша иацәыхароу ашаблонтә фразақәа рхы иадмырхәаларц", - ҳәа аҳәоит атекст аҟны.
Аминистрра азхьаԥшра анаҭеит Ермантәыла ЕАР Ассамблеиа хада арезолиуциа "Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рҟынтәи иқәҵызи ихҵәази рҭагылазаашьазы" адкылараан абжьыҭира шымҩаԥнагаз, аерман диаспора ареспублика ахьыԥшымра арӷәӷәара рџьабаа ду шалоугьы.
"Ҳақәгәыӷуеит Ермантәыла анапхгара хара имгакәа иҟоу аҭагылазаашьаҟны ииашоу алкаақәа ҟанаҵап ҳәа, абри азҵаара аганахь алагьы апозициа ҭышәыннартәалап ҳәа", — аҳәоит ахҳәааҿы.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Қырҭтәылахь ааԥхьара ҟанаҵоит иҟоу аполитикатә реалиақәа ирнышәаны амч ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭра анапы аҵанаҩырц.
Ажәабжьқәа зегьы
0