00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
18:00
30 мин
18:30
30 мин
21:00
30 мин
21:30
30 мин
08:00
30 мин
08:30
31 мин
On air
13:00
30 мин
On air
13:30
31 мин
On air
18:00
30 мин
On air
18:30
30 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
30 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Афонд "Ашана" 2023 шықәсазы 12,3 миллион мааҭ инареиҳаны еизнагеит ахәыҷқәа рыхәшәтәразы

© Sputnik / Бадрак Авидзба"Ашана" подводит итоги
Ашана подводит итоги - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.07.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 11 – Sputnik. Акультуратә-гәыҳалалратә фонд "Ашана" 2023 шықәсазы ӷәӷәала ичмазаҩу ахәыҷқәа рыхәшәтәразы 12,3 миллион мааҭ инареиҳаны еизнагеит.
Иахьа имҩаԥысуеит аиҿкаара есышықәсатәи аҳасабырбатә еилатәара.
Ашықәс иалагӡаны афонд хылаԥшра знаҭо 60-ҩык инареиҳаны рыхәшәтәраз имҩаԥгаз 70 усмҩаԥгатә ахә ахнашәааит, агәыҳалалратә акциақәа 22 мҩаԥган.
Афонд 12 шықәса аусура иалагӡаны 107,6 миллион мааҭ еизгоуп. 430-ҩык ахәыҷқәа рыхәшәтәразы 624 кур ахә ахшәаауп, 260-нтә агәыҳалалратә акциақәа мҩаԥган.
Афонд анапхгаҩы Мактина Џьынџьалаԥҳа лажәақәа рыла, Ашана лассы-лассы аус рыцыруеит Урыстәылеи Ермантәылеи рҟынтәи аҳақьымцәа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп атравматологцәа, ахирургцәа, ахәыҷтәы неврологцәа, апсихиатрцәа.
Лара иазгәалҭеит, Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрреи дареи еицымҩаԥырго апроект "Агәабзиара змоу абиԥара" аҵак ду шамоу.
Иҳаҩсыз ашықәс хәажәкыреи нанҳәамзеи рзы апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны аортопедтә-ҳақьым Овсеп Даниелиан 240-ҩык ахәыҷқәа дрыхәаԥшит, 15-ҩык ахәыҷқәа рзы аортезқәа ҿаҵан.
Жәабранмзеи нанҳәамзеи рзы Ахәыҷтәы анеирореабилитациатә центр "Импульс" аҟынтәи аҟазацәа 35-ҩык ахәыҷқәа гәарҭеит, урҭ рҟынтәи 8-ҩык ахәшәтәра идәықәҵан.
"Иазгәаҭатәуп, амедицина ахырхарҭала аҟазацәа Аԥсныҟа иааҳаԥхьаанӡа еиуеиԥшым аганқәа рыла аҭагылазаашьа гәаҳҭоит: иҭаҳҵаауеит иаҳа иаҳҭаху аҟазацәа, насгьы аҭаацәа иҟарҵо аҳәарақәа инарықәыршәаны иааҳԥхьоит", – ҳәа азгәалҭеит Џьынџьалԥҳа.
Ажәабжьқәа зегьы
0