Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Апарламент ишьақәнырӷәӷәар алшоит ҩынтәны ашәахтәқәҵаразы Аԥсни Урыстәылеи реиқәшаҳаҭра

© Sputnik / Томас Тхайцук Сессия Парламента
Сессия Парламента - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.07.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 11 – Sputnik. Жәларбжьаратәии, апарламентбжьаратә еимадарақәеи, аџьынџьуаа рымадареи рзы апарламент еилакы Апарламент ирыднагалоит Аԥсни Урыстәылеи ҩынтәны ашәахтәқәҵара аҽацәхьакрази ахашәалақәа рзы ашәахтәқәа рҽацәхьакра алмыршарази аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭра шьақәдырӷәӷәарц.
Адокумент анапы аҵаҩын лаҵара 7 2024 шықәсазы Аҟәа. Апроект еиқәыршәоуп Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара асоциалтәи аекономикатә еизыҟазаашьақәа рыҿиареи аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Аилыркаагатә шәҟәы аҟны иҳәоуп аиқәшаҳаҭра аҳәынҭқаррақәа рыбжьара аекономикатә, агуманитартә, аинфраструктуратә усеицура арҿиара ишацхраауа.
Ажәабжьқәа зегьы
0