Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны акьыбачымазаратә центр аиқәыршәараз 27 миллион мааҭ инеиҳаны иазоушьҭуп

© SputnikНеделя ранней диагностики рака" в Национальном онкологическом центре Абхазии
Неделя ранней диагностики рака в Национальном онкологическом центре Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.07.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 11 – Sputnik. 27 миллион мааҭ инеиҳаны ареспубликатә биуџьет аҟынтәи Аԥсны акьыбачымазаратә центр аиқәыршәара иазырхоуп.
Амедусҳәарҭа аҳақьым хада Нарҭ Гамгьиа агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба изеиҭеиҳәеит аендоскопиатә ԥҟарҭа уаанӡа иаахәаз зтехнологиақәа ҳараку ахархәагақәа рыла ишеиқәыршәоу:
алапароскопиатәии аторакоскопиатәии ԥҟарақәа ахьымҩаԥыргаша аендоскопиатә қәҵарҭа;
аенергетикатә платформа;
ахырхарҭарацәалатәи аԥҟарҭатә стол;
ашәшьыра ҟазымҵо алампақәа,
ачымазҩы дзырԥхо асистемақәа,
ҳаамҭазтәи ИВЛ аппаратқәа.
Агәабзиарахьчара аминистрра иара убасгьы ацентр ианаҭеит атәыла хада ирезервтә фонд аԥарақәа рыла иаахәаз амаҵзуратә автомашьына.
"Уаанӡа амаҵзуратә автомашьына ҳамамызт, иара ҳусуразы акыр ихымԥадатәиуп. Аибашьра ашьҭахьтәи аамҭақәа зегьы рзы ҳхатәы машьынақәа ракәын ҳхы иаҳархәоз, уажәы уи апроблема ӡбоуп атәыла анапхгара рыцхыраарала", — ҳәа иҳәеит Гамгьиа.
Ажәабжьқәа зегьы
0