Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Аԥсны еицырдыруа ахьыӡқәа: Зураб Аргәын 65 шықәса ихыҵра иазкны

Аԥсны еицырдыруа ахьыӡқәа: Зураб Аргәын
Анапаҵаҩра
30 шықәса инарзынаԥшуа амилаҭтә телерадиоеилахәыра амаҵ азызухьаз, Ахьӡ-аԥша аорден III аҩаӡара занашьоу, Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист Зураб Аргәын иазгәаиҭоит иубилеи. Иара ихыҵит 65 шықәса. Арадио Sputnik аефир аҿы игәалаиршәеит дактиорхар шиҭахыз, аха иҭаацәа мап шицәыркыз, машәыршәа апедагогикатә институт дышҭалаз, анаҩс Қарҭҟа ажурналист изанааҭ аиуразы дшыршьҭыз, раԥхьатәи ишиашоу ицо иефир уҳәа.
Зураб Аргәын аханатә актиор изанааҭ алихыр иҭахын, аха иҭаацәа игәазыҳәара ицеиҩырымшеит.
"Усҟан ара актиорцәа ахьазыҟарҵоз аҵараиурҭақәа ыҟаӡамызт. Сҭаацәа Аԥсны салҵны сцар рҭахымызт. "Закә занааҭуи, иалаурҳауеи?" ҳәа сгәы ацәкарыжьын, саргьы сгәааны џьаргьы сҭалаӡом ҳәа сыҟан акыраамҭа. Аха, нас арҵаҩратә институт ахь адкыларатә ԥышәарақәа ыҟан август мзазы. Сҩызцәа цон, уаала ҳәа сарҳәан мап сымкит, машәырла сҭалеит. Дара исазҳәаз ҭамлаӡеит, сара сҭалеит", - игәалаиршәоит Аргәын.
Зураб Антон-иԥа аиҭагаҩ изанааҭ дҭалеит, аурыс бызшәа аҟынтә аԥсшәахь, аԥсшәа аҟынтә аурысшәахь.
"1978 шықәсазы ателехәаԥшра аартра азҵаара анықәгыла, акадрқәа рҭахын ирласны. Ажурналистика азанааҭ Қарҭ иҟан. Хҩык рҭыԥ ыҟоуп шәиаагоит ҳәа анҳарҳәа, ҳақәшаҳаҭхеит. Сҭаацәа рацәак ирҭахымызт сахьцоз, аха аиҳабыра рыԥхьан ирацәажәаны, иақәыршаҳаҭны убыс срышьҭит аҵарахьы", - еиҭеиҳәоит иара.
Зураб Аргәын иҳәоит, сара ажурналистика алсымхӡеит, уцароуп рҳәан, сцеит. Нас сҭаацәа ус сарҳәеит, "атеатр ахь умцеит, аха уи иацәыхарамыз алухит, зегь дара роуп, уара утәы наугӡеит" ҳәа дыччо игәалаиршәоит уи ахҭыс иара.
Зураб Аргәын 1981 шықәсазы ателехәаԥшрахьы днеит. Раԥхьатәи сцәырҵра хар амамызт, аха раԥхьатәи ишиашоу ицо аефир ахь сцәырҵра ахаан исхашҭуам ҳәа азгәеиҭеит уи аиҿцәажәараҿы.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0