Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Иԥсҭазаара далҵит ажурналист Витали Шариа

© Sputnik / Томас ТхайцукВиталий Шария.
Виталий Шария. - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.07.2024
Анапаҵаҩра
Шариа диит Смоленск ақалақь аҿы, ихыҵуан 72 шықәса.
АҞӘА, ԥхынгәы 14 – Sputnik. Иԥсҭазаара далҵит ажурналист, ашәҟәыҩҩы, апублицист, Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла алахәыла Витали Шариа.
Витали Шариа диит ԥхынҷкәын 26 1951 шықәсазы Смоленск ақалақь аҿы, далгеит Белоруссиатәы аҳәынҭқарратә университет ажурналистика афакультет. 1975 шықәса инаркны аус иуан агазеҭ "Советская Абхазия" акорреспондентс, аҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩс, 1984 шықәсазы аамҭаказ - Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла аҟны алитературатә абжьгаҩс. 1991 шықәса цәыббрамза инаркны агазеҭ "Республика Абхазия" аредактор хада ихаҭыԥуаҩыс. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан афронт ажурналистс дыҟан.
1994 шықәсазы еиҿикааит агазеҭ "Эхо Абхазии", 30 шықәса аредактор хадасгьы дыҟан.
Витали Шариа авторс дамоуп аҭоурых-публицистикатә шәҟәы "Абхазская трагедия". Истатиақәа, иажәабжьқәа, иповестқәа ркьыԥхьхьан агазеҭқәеи ажурналқәеи рҿы. Урҭ рахьынтәи иҟоуп аерман бызшәеи ауаԥс бызшәеи рахь еиҭагақәоу. Шариа ихаҭа аурысшәахь еиҭеигеит аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рҩымҭақәа жәпакы.
Витали Шари еизга "Букет Абхазии" 2017 шықәсазы апроза ажанр аҟны Искандер ихьӡ зху апремиа аҳаҭыртә диплом анашьан, 2020 шықәсазы Искандер ихьӡ зху апремиа "Дерево детства" аноминациаҟны иажәабжь "Машинка времени" аԥхьахә аиуит.
Ажәабжьқәа зегьы
0