Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Бжьаниа идикылеит Хьыбла Гьерзмааԥҳаи аоператә шәаҳәаҩы Ильдар Абдразакови

© Sputnik / Томас ТхайцукПрезидент Аслан Бжания встретился с Народной артисткой Абхазии и России Хиблой Герзмава и российским оперным исполнителем Ильдаром Абдразаковым
Президент Аслан Бжания встретился с Народной артисткой Абхазии и России Хиблой Герзмава и российским оперным исполнителем Ильдаром Абдразаковым - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.07.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 15 – Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа идикылеит Аԥсни Урыстәылеи Жәлар рартистка Хьыбла Гьерзмааԥҳаи урыстәылатәи аоператә шәаҳәаҩы Ильдар Абдразакови.
Атәыла ахада иазгәеиҭеит амузыкатә фестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит" амҩаԥгара ареспублика акультуратә ԥсҭазаараҿы кыр шаҵанакуа.
Хьыбла Гьерзмааԥҳа атәыла ахада иҭабуп ҳәа иалҳәеит афестиваль амҩаԥгараҿы иаадырԥшуа ацхырааразы.
Амузыкатә фестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит" аатуеит Аҟәа, ԥхынгәы 15 рзы. Аԥснытәи апрограмма хә-концертк рыла ишьақәгылоуп. Аҽа ф-концертки аҟазаратә-классқәеи Урыстәыла ақалақьқәа рыҟны имҩаԥысуеит, ҩба – Китаи.
Ажәабжьқәа зегьы
0