Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Еицырдыруа ахьыӡқәа: Занҭариа ажурналист, ашәҟәыҩҩы Витали Шариа изкны

Еицырдыруа ахьыӡқәа: Занҭариа ажурналист Витали Шариа изкны
Анапаҵаҩра
Иахьа аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргеит ажурналист, ашәҟәыҩҩы, апублицист Витали Шариа. Иара давторуп аҭоурых-публицистикатә шәҟәы "Аԥсуа трагедиа", ажәабжьқәа, апроза, даԥсахахьан Искандер ихьӡ зху аԥхьахә. Инапы иҵихыз аҩымҭақәа рыла Аԥсны ҳаамҭазтәи аҭоурых аарԥшра шилшаз, иахьынӡаҵарыз Витали Шариа икалам, изанааҭ дахьынӡазҟазаз атәы арадио Sputnik аефир аҟны игәалаиршәеит иколлега, академик Владимир Занҭариа.
"Даараӡа абаҩхатәра злоу журналистын. Ус еиԥш иҟоу аӡәы-ҩыџьа, хҩык, жәаҩык шԥаҟам ажурналистцәа, аха ари ишыиҩҩуаз, аҩаӡара, мҽхакыс иамаз, ус зегьы ирылшаӡом. Абырцкал икылхын иажәа. Урысшәала иҩуан, аха гәаӷьла даԥсыуамыз. Абри "Аԥсуа трагедиагьы" аибашьра анцоз ҳаԥсы ҿнахит…Убри шьагәыҭс иҟаҵаны афильм бзиагьы ҟаҳҵеит, ауаагьы ирылаҵәеит", - иҳәеит Занҭариа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан Витали Шариа афронт аҟны журналистс дыҟан, 1994 шықәсазы еиҿикааит, редактор хадасгьы даман агазеҭ "Эхо Абхазии". Иара давторуп ашәҟәы "Абхазская трагедия". Истатиақәа, иажәабжьқәа, иповестқәа ркьыԥхьхьан агазеҭқәеи ажурналқәеи рҿы. Урҭ рахьынтәи иҟоуп аерман бызшәеи ауаԥс бызшәеи рахь еиҭагақәоу. Шариа ихаҭа аурысшәахь еиҭеигеит аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рҩымҭақәа жәпакы. Витали Шариа еизга "Букет Абхазии" 2017 шықәсазы апроза ажанр аҟны Искандер ихьӡ зху апремиа аҳаҭыртә диплом анашьан, 2020 шықәсазы Искандер ихьӡ зху апремиа "Дерево детства" аноминациаҟны иажәабжь "Машинка времени" аԥхьахә аиуит.
Ажәабжьқәа зегьы
0