Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥснытәи аҽааӡаҩцәа рҽыҩқәа аиааира ргеит Краснодар имҩаԥысуаз аҽырыҩраҿы

© Sputnik / Виталий Тимкив / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОткрытие скакового сезона-2022 в Краснодаре
Открытие скакового сезона-2022 в Краснодаре - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.07.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 20 - Sputnik. Аԥснытәи аҽааӡаҩцәа рҽыҩқәа аиааира ргеит Краснодар имҩаԥысуаз аҽырыҩраан.
Ахра Ашәба иҽы Марискаль актәи аҭыԥ агеит 1600 метра иҟаз Аҳамҭа ду азы ҩышықәса зхыҵуа араԥ ҽыҩқәа реиԥхныҩлараҿы.
Ахра Ашәба иҽы Џьалил Гранд ахԥатәи аҭыԥ агеит 2400 метра иҟаз Краснодартәи аҳамҭа ду Дерби азы хышықәса зхыҵуа аҽыҩқәа реиԥхныҩлараҿы.
Даур Агәхаа иҽы Абхазиан Сонг аҩбатәи аҭыԥ агеит 2000 метра иҟаз ԥшьышықәсеи инеиҳани зхыҵуа англыз шьацқьа злоу аҽқәа реиԥхныҩлараҿы.
Ахра Ашәба иҽқәа даҽа руак, Старк захьӡу, аҩбатәи аҭыԥ агеит Краснодартәи атәылаҿацә Ақыҭанхамҩа аминистрреи аусеиҭадуларатә ааглыхреи рминистрра аҳамҭазы 2400 метра иҟаз аиԥхныҩлараҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0