Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Аҩӡбеи Ҳагбеи Аԥсны абираҟ иазкны

Хра злоу ахҭысқәа: Аҩӡбеи Ҳагбеи Аԥсны абираҟ иазкны
Анапаҵаҩра
Ԥхынгәы 23 рзы Аԥсны иазгәарҭоит Аҳәынҭқарратә бираҟ амш. Сынтәа уи иахыҵуеит 32 шықәса. Аҭоурыхҭҵаарадыррақәа рдоктор Аслан Аҩӡбеи, аполитолог Беслан Ҳагбеи арадио Sputnik аефир аҿы иалацәажәеит, ҳҳәынҭқарратә символ ахыҵхырҭеи, аҳәынҭқарра ашьақәыргылараҿы иара аҵаки, еиҵагылоу абиԥарақәа рзы ахатә ҭоурых адырра ахьынӡахадоуи ртәы.
Аԥсны абираҟ шьақәырӷәӷәан 1992 шықәса ԥхынгәы 23 рзы Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Асовет аилатәараҟны, 1978 шықәсатәи Аԥснытәи АССР Аконституциа аусура аанкыларази 1925 шықәсазтәи Аԥснытәи ССР Аконституциа аиҭашьақәыргыларази аӡбара анрыдыркыла ашьҭахь.
Беслан Ҳагба игәалаиршәеит Аԥсны абираҟ анаԥырҵоз аамҭазы ишьақәгылан иҟаз аҭагылазаашьа атәы, уи аиира ҵакыс иамаз атәы.
Аҩӡба иҳәеит, аҳәынҭқарра асимволқәеи атрибутикеи еиԥшымзаарас ирымоу атәы, насгьы иуԥсахыр иауа - иамуа.
Арадиостудиа асасцәа ирҳәеит ргәаанагара, аԥсуа бираҟ ирнаҭо ацәаныррақәа ртәы, насгьы аидеологиа аганахьала, уи аӡыргара ахьынӡамоу атәы.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0