Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Аҳәатәи аҳәашьеи: Кәарҷиеи Гогьиеи Аԥсны мрагыларахьы апартаментқәа рыргылара иазкны

Аҳәатәи аҳәашьеи: Кәарҷиеи Гогьиеи Аԥсны апартаментқәа рыргылара иазкны
Анапаҵаҩра
Аԥсны мрагыларатәи ахәҭа иаҵанакуа Гал, Очамчыра, Тҟәарчал араионқәа рсоциалтә-економикатә ҭагылазаашьа аиӷьтәразы ихацыркыз апартаментқәа рыргылара зинызтәуаз азакәан апроект шәарҭазма, мамзаргьы Мрагыларатәи араионқәа рсоциалтә ҭагылазаашьа шьҭнахуазу, уи ахҟьа-ԥҟьақәа зеиԥшрахарыз уҳәа ртәы арадио Sputnik астудиаҿы адырраҭара "Аҳәатәи аҳәашьеи" аҟны иалацәажәеит Аԥсны ахада иусбарҭа аиҳабы Абесалом Кәарҷиеи Жәлар Реизара адепутат Демыр Гогьиеи.
Ауаажәларратә усзуҩ, Аԥсны ахада иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа иажәақәа рыла, иахьа Аԥсны иҟоу азакәанԥҵара алшара унаҭоит апартаментқәа рыргылара, ус еиԥш аргыларақәа цоит. Иара ишазгәеиҭаз, азакәан ҿыц иҳәаақәнаҵар, еиҿнакаар акәын усгьы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа.
Жәлар реизара адепутат Демыр Гогьиа игәаанагарала, ари азакәан апроект даҽа формак шьҭызхыз анхаратә мазара иадҳәалоуп, уи ашәарҭарақәа ацуп атәымуаа рнапаҟны ианыҟалалак. Ҳзакәанԥҵара ус еиԥш ишьақәнарӷәӷәароуп иахьа зыргылара иаҿу ахыбрақәа апартаментқәаны иҟамларц, асасааирҭақәа реиԥш аус руртә, иҳәеит адепутат.
"Очамчыра, Тҟәарчал, Гал араионқәа рсоциал-економикатә ҿиара аҩаӡара ашьҭыхраз ауснагӡатәқәа рзы" азакәан апроект рзырхынҳәын иара адызгалаз адепутатцәа ҳәа аанацҳаит ԥхынгәы 25 рзы Жәлар реизара апресс-маҵзура.
Уи иазԥхьагәанаҭон Аԥсны мрагыларатәи ахәҭа 150 гектар рҟны иааиԥмырҟьаӡакәа анхара иазырхам 10 000 номер апартаментқәеи апарт-отельқәеи рыргылара.
Апартаментқәа рзы азакәан апроект ырхынҳәын уи агәҭынчымра зызцәырнагаз зегьы ргәаанагара иазхәыцны, иқәгылоу азҵаара аҵакы ҳасаб азуны, ишьақәгылаз аиҿагыларақәа раԥыхреи аҭагылазаашьа аҭышәныртәалареи хықәкыс иҟаҵаны ҳәа азгәаҭан Апарламент апресс-маҵзура аҳәамҭаҿы.
Азакәан апроект архынҳәразы, иара убас уи иазку азакәанԥҵаратә процесс аринахыс аанкыларазы ԥхынгәы 24 рзы азыӡба рыдыркылеит уи аԥшьызгаз адепутатцәа Беслан Емырхәба, Алмас Акаба, Герман Каҷараа, Резо Занҭариа.
Ажәабжьқәа зегьы
0