Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Акәашаратә проект Eytsikәashow аԥшьбатәи концерт мҩаԥысит Аԥснытәи аҳәынҭфилармониаҿы

© Sputnik / Томас ТхайцукЧетвертый отчетный концерт танцевального проекта Eytsikәashow прошел в Абхазской
Четвертый отчетный концерт танцевального проекта Eytsikәashow прошел в Абхазской - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.07.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 25 - Sputnik. Акәашаратә проект Eytsikәashow аԥшьбатәи аҳасабырбатә концерт мҩаԥысит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы.
Алахәылацәа дҵас ирыман ачечен жәлар рыкәашара ма адыга кәашара "Щэщэн" руак алхны акәашара. Аҽазыҟаҵарақәа 25 мшы ицон.
Апроект зегьы иалагӡаны ироухьоу абаллқәа аныԥхьаӡаха ашьҭахь, актәи аҭыԥ агеит Саид Ҳагбеи Милена Ҭачулиеи рдует "Амацәыс", аҩбатәи аҭыԥ — Адгәыр Миқаиеи Илона Зыхәԥҳаи рдует "Ашьауардын амҵәыжәҩақәа", ахԥатәи — Адис Агрбеи Себина Зекир-оӷлыи рдует "Амцаԥшь".
Аҵыхәтәан арҵаҩцәа Аслан Багаԥшьи Денис Инаԥшьбеи рҵаҩцәа афильм "Рокки" аҟны иаҳәо амузыка иацкәашеит.
Апроект иалагӡаны 6 концертк ҟалоит. Еицыкәашо 14 гәыԥ актәи аҭыԥ азы еиндаҭлоит, аҳамҭа хада — 450 000 мааҭ, аҩбатәи аҭыԥ зго — 200 нызқь мааҭ, ахԥатәи аҭыԥ — 100 нызқь мааҭ роуеит. Sputnik Аԥсны — апроект аинформациатә дгылара анаҭоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0