Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Бганба еиҭеиҳәеит аԥсабаратә амцакрақәа ҟамларцаз имҩаԥырго аусура атәы

Бганба еиҭеиҳәеит, аԥсабаратә амцакрақәа ҟамларцаз имҩаԥырго аусура атәы
Анапаҵаҩра
Атәылаҿы аԥсабаратә амцакрақәа ршәарҭара шыҟоу аанацҳауеит АҶА. Араионқәа рҿы администрациақәа ирылаҳәоуп амцарцәараҿы ахархәара змоу атехникеи аӡтәы резервуарқәеи ргәаҭаразы, разыхиаразы. Гагра араион абылраҽацәыхьчаратә гәыԥ аиҳабы Давид Бганба арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит, аԥсабаратә амцакрақәа ҟамларцаз имҩаԥырго аусурақәа ртәы, насгьы урҭ рыҽшазыҟарҵо.
Гагра араион аҿы изныкымкәа амцакра ӷәаӷәақәа ҟалахьеит, убри аҟынтә еснагь ҳгәаҳҽануп, азгәеиҭеит Бганба аиҿцәажәараҿы.
"Апрофилактикатә усурақәа мҩаԥаҳгоит. Абнақәа рааигәара инхо ауааԥсыра ҳрацәажәоит рбаҳчақәа рыцқьаны ирымазарцаз. Иҳамаз адҵа инақәыршәаны игәаҳҭахьеит аӡқәа ахьыҟоу аҭыԥқәа рҿы амҩақәа ирҭагылазаашьоу. Амашьынақәа ахьзымнеиуа абнақәа рҿы, амцарцәаҩцәа иахьынӡазалшо инаганы иаанҳажьуеит, нас дара напыла арцәара иалагоит. Абылрақәа анырацәоу ауаа рыцхыраара ҳҭаххоит, аха дара зегьы ирыздырӡом амцакраан ахымҩаԥгашьа", - ҳәа азгәеиҭеит Бганба.
Аиқәырхаҩ иажәақәа рыла сынтәа абылрақәа ҟалахьеит ауаа рхымҩаԥгашьа иахҟьаны. Дара еиқәырҵаз амца инагӡаны идырцәаӡом, инаҵишьит Бганба.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0