Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ахсалԥҳа амхылдыз цәқәырԥақәа ирызкны

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ахсалԥҳа амхылдыз цәқәырԥақәа ирызкны
Анапаҵаҩра
Амра аҵыхәтәантәи ҩышықәса рыҩнуҵҟа зегь раасҭа амч змоу амхылдыз цәқәырԥақәа Адгьыл аҿы ицәырнагеит. Абри атәы еицҿакны ирҳәоит адунеи аҵарауаа. Аҵыхәтәаны адгьыл амхылдыз цәқәырԥа дуқәа ихырҩахьан лаҵарамза, уажәы даҽа цәқәырԥак иаамҭоуп. Уи атәы еиҳа инарҭбааны арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит афизика-математикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Аԥсны аекологиа аинститут аусзуҩ Асида Ахсалԥҳа.
Амхылдыз цәқәырԥақәа зныԥшуа еиҳарак агәчымазара змоу ауаа роуп, урҭ ахьыхь бааԥс рызцәырнагоит ҳәа азгәалҭеит аиҿцәажәараҿы Ахсалԥҳа.
"Уаха асааҭ фба инаркны иаҳа-иаҳа ашьҭыҵра иалагоит. Аԥсныгьы ацәыхьчаӡам, аха еиҳарак иаӷьны иахьыҟало Шәача ааигәароуп. Аԥсны иҳамаӡам арбагақәәа ҳзырбо, аха уи аҳауаԥхарра ашьҭыҵралагьы еилукаартә иҟоуп. Ҳара аҵарауаагьы ҳаимадоуп. Хымш рыҩныҵҟа даара аҽацәыхьчара аҭахуп", - лҳәеит Ахсалԥҳа.
Аҵарауаҩ иазгәалҭеит арҭ ацәқәырԥақәа зыԥсы ҭоу зегьы ирныруеит, аиҳарак ауаҩы иԥсы алагаҩагара ицәыхьанҭахоит ҳәа.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0