Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Екатерина Бебиаԥҳа лышәҟә ҿыц ӡырган Аҟәа

© Foto / Екатерина БебиаПрезентация книги о Валериане Кобахия прошла в Сухуме
Презентация книги о Валериане Кобахия прошла в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.08.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, нанҳәа 3 - Sputnik. Апрофессор Екатерина Бебиаԥҳа лышәҟә ҿыц "Валериан Кәабахьиа — Аԥсны еицырдыруа аҳәынҭқарратәии ауаажәларратәии усзуҩ" аӡыргара мҩаԥысит Аҟәа.
Ашәҟәы Валериан Кәабахьиа инысымҩеи, аус ицызуази, иҩызцәеи, иҭынхацәеи ргәалашәарақәа ануп.
Ашәҟәы автор, апрофессор Екатерина Бебиаԥҳа лажәақәа рыла, ашәҟәы аҭыжьра иазырхиан 2010 шықәсазы.
Открытие памятника имени Валериана Кобахия  - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.08.2022
Аԥсны
Аԥсуа ҳәынҭқарратә усзуҩ Валериан Кәабахьиа ибаҟа аартын Аҟәа
"Валериан Кәабахьиа сгәалашәараҿы иразыз уаҩны даанхеит. Иара иуаҩреи, игәыразреи, ихатәреи ихы-иҿы ианыԥшон. Исгәалашәоит, аԥсуа жәлар ринтересқәа рыхьчаразы дшықәԥоз, еиуеиԥшым аиԥыларақәеи аилатәарақәеи рҟны дшықәгылоз, дымшәа-дымраҳа ҳажәлар ргәы иҵхоз азҵаарақәа шиҳәоз", — лҳәеит Бебиаԥҳа.
Валериан Кәабахьиа – аҳәынҭқарратә, аполитикатә усзуҩ. 1958 шықәса раахыс Аԥснытәи АССР араионтә Совет анагӡаратә еилакы ахантәаҩыс дыҟан, 1962 шықәса рынахыс – Қырҭтәыла акоммунисттә партиа Гәдоуҭатәи араионтә еилакы актәи амаӡаныҟәгаҩ.
1965 – 1975 шықәсқәа рзы – Қырҭтәыла акоммунисттә партиа Аԥснытәи аобласттә еилакы актәи амаӡаныҟәгаҩ, 1975- 1978 шықәсқәа рзы – Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу асовет Апрезидиум амаӡаныҟәгаҩ. 1978-1990 шықәсқәа рзы – Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу асовет Апрезидиум ахантәаҩы. Нанҳәа 25, 1990 шықәсазы Апарламент аиҳабык иҳасабала инапы аҵеиҩит Аԥсны аҳәынҭқарратә хьыԥшымра азы Адекларациа.
Кәабахьиа иԥсҭазаара далҵит нанҳәа 28, 1992 шықәсазы.
Ажәабжьқәа зегьы
0