Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аишәаԥкьаҭмпыл азы XVI Жәларбжьаратәи атурнир аҟны иаиааиз рыхьӡқәа еилкаахеит

CC0 / / Настольный теннис
Настольный теннис  - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.08.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, нанҳәа 11 - Sputnik. Омар Кәарҷиа игәалашәара иазку аишәаԥкьаҭмпыл азы XVI Жәларбжьаратәи атурнир мҩаԥысит Аҟәа, абри атәы аанацҳауеит Аҳәынҭспортеилакы.
Актәи аҭыԥ иаԥсахеит шәачатәиқәа Едуард Апагуни Екатерина Мызгинеи.
Ҩыџьа-ҩыџьалатәи аиндаҭлараҿы актәи аҭыԥ иаԥсахеит Екатерина Мызгинеи Леон Габлиеи. Ахамыхәацәа рыбжьара актәи аҭыԥ игеит Џьон Чан-Оӷлы.
2011 шықәсазы ииз аԥкьаҭасҩцәа рыбжьара актәи аҭыԥ ргеит Кирилл Амосов — Шәача, Зарина Кулухова — Аахыҵ Уаԥстәыла. 2008-2010 шықәсқәа рзы ииз аԥкьаҭасҩцәа рыбжьара актәи аҭыԥ иаԥсахеит урыстәылауаа — Макар Воловики Алиона Вабишевичи.
Аишәаԥкьаҭмпыл азы Аԥсны Афедерациа раԥхьатәи ахада Омар Кәарҷиа игәалашәаразы атурнир мҩаԥысуан нанҳәамза 7-10 рзы. Уи иалахәын Аԥсни, Урыстәылеи, Аахыҵ Уаԥстәылеи рҟынтәи 30-ҩык аспортсменцәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0