Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Аибашьра иалахәыз: Бганбеи Џьниеи аибашьра ахҭысқәа ртәы

Аибашьра иалахәыз: Бганбеи Џьениеи аибашьра ахҭысқәа ртәы
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аԥсуа иԥсҭазаара зегьы аазырҳәыз ҭоурыхтә аамҭа хҵәаханы иҟалеит. Иахьа 32 шықәса ҵит ақырҭуа мпыҵахалыҩцәа Аԥсны иақәлеижьҭеи. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра цон 413 мши-ҵхи.
Аԥсны Мрагыларатәи афронт аҟны еибашьуаз Леон иорден занашьоу Валери Бганбеи Мраҭашәаратәи афронт аибашьҩы, Ешыра-Афонтәи абатальон аҩбатәи арота адҵаҟаҵаҩы, Аԥсны Афырхаҵа Игор Џьниеи иргәаладыршәеит аибашьра ахҭысқәа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра адәаҿы иҭахеит 1716-ҩык аԥсадгьыл ахьчаҩцәа, Аиааира ашьҭахь аҳәааҿы иаҳцәыршьит даҽа 407-ҩык аҵеицәа. Аибашьра иахәхаз, абџьар иаҵагылази аҭынч уааԥсыреи рхыԥхьаӡара ааидкыланы ԥшь-нызқьҩык рҟынӡа инаӡоит, хабарда ибжьаӡыз аламҵакәа.
Аԥсны иаиуз аекономикатә ааха 11 миллиард доллар рҟынӡа артәеит. Аҭҵаарадырреи, акультуреи, аҭоурыхи ирыҭаз аԥхасҭа шәашьагьы амам.
Ажәабжьқәа зегьы
0