Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Џьыкырԥҳа еиҭалҳәеит аибашьра раԥхьатәи амшқәа рзы иҭахаз рҭоурыхқәа

Џьыкырԥҳа еиҭалҳәеит, аибашьра раԥхьатәи амшқәа рзы иҭахаз рҭоурыхқәа
Анапаҵаҩра
Гәдоуҭа Сергеи Дбар ихьӡ зху Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра амузеи аҟны еиҿкаауп афотоцәыргақәҵа, аибашьра раԥхьатәи амш инаркны нанҳәамза нҵәаанӡа иҭахаз ирызкны. Амузеи адиректор Гәыгәыца Џьыкырԥҳа еиҭалҳәеит, аибашьцәа рҭоурых атәы.
17 мшы ирылагӡаны 108-ҩык ҭахеит. Еиҳарак иҭахаз, иқәыԥшыз, аҭаацәарақәа ирыламлацыз роуп ҳәа еиҭалҳәеит Џьыкырԥҳа.
"Кәыдрытәи аҩхаҿы зуалԥшьа зхызгоз Феликс Багаҭелиа. Аибашьара ианалага иркуаз рымамызт. Ирылахысуа ианалага, ипатронқәа анынҵәа, ихы римҭарцаз Кәыдры аӡы иҽаиҭеит иԥсы шҭаз. Иара хабарда ибжьаӡыз ҳәа акыраамҭа дыҟан. Аибашьра ацара ишаҿыз Очамчырантәи иаарышьҭит Багаҭелиа анышә дшарҭаз Сақаниаа рҭаацәара. Аибашьара ашьҭахь урҭ аҭаацәарақәа реибабара даара аԥхарра аҵаҵаны илгәалалыршәоит Феликс иан Нуца. Уи дахьжыз аҭаацәа ран длыҳәон длымгарцаз. Данаалга ашьҭахь дахьхәит. Аԥхыӡқәа лбон есымша убрахь амҩа дықәушәа", – еиҭалҳәеит Џьыкырԥха.
Егьырҭ аибашьцәа рҭоурыхқәа шәазыӡырҩы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0