Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Нацрашвили арасааӡареи сынтәатәи аҽаҩреи иазкны

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Нацрашвили арасааӡареи сынтәатәи аҽаҩреи иазкны
Анапаҵаҩра
Акәаскьа ақыҭан арасаҭрақәа змоу Даҭо Нацрашвили арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит, сынтәа араса аҽаҩра зеиԥшроу, насгьы 800 шьапы имаз рҟынтә абжа инапала изыҵихыз.
Араса сынтәа хар амамкәа иҟоуп, иҟоу ахәыҷы аџьармыкьаҿа инаганы 80-90 мааҭ ҳәа иуҭииртә еиԥш аҭагылазаашьа ҳамоуп, иҳәеит аиҿцәажәараҿы анхаҩы.
"800-шьапы рҟынӡа сыман аҽаҩра узҭо арасақәа. Сынтәа 200 шьапы ахьыҵысхыз снапала, аџьықәреи лаҵаны исымоуп. Убас еиҭа аҵхра сгәы иҭоуп. Уажәы 400 шьапы раҟара сымоуп. Ахәаҷа ахаԥаны иахьыҟоугьы убап. Аҵа аарыцқьаны ахәыҷқәа ирыҟәшәоит, џьара ашкол ахь ирыхәаша аархәарцаз", - ҳәа иҳәеит Даҭо.
Анхаҩы иҳәоит, араса ахәшә азҭаз рҿы рҭагылазаашьа иаҳа еиӷьуп ҳәа.
Хәышықәса инеиԥынкыланы Даҭо араса иҟәшәомызт, уи зыҿиомызт ачымазара иахҟьаны. Арасааӡара иаҳнаҭеит апроблемақәа рацәаны, иҳәоит иара.
"Аԥхьа иансымаз ауаа ааганы идсырыҟәшәон. Тоннаки тоннаки бжаки рҟынӡа аҽаҩра ҳауан. Зегь рыла ҳманшәалан. Аха ахәаҷа-маҷа аԥхасҭа ҳнаҭеит, нас акәыкәбаа чымазара, апты. Иара ҿыц ианииуаз амҭазы иақәтаны ибжьнахуеит. Нас ԥыҭк ианеилак иааҿышәшәаны икаԥсон. Тоннак рҟынтә 200 кьыла уоур ҟалон", - еиҭеиҳәоит Даҭо.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0