Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Габлиа еиҭеиҳәеит асахьаркыратә ҵараиурҭа афонд злашьақәгылоу атәы

Габлиа еиҭеиҳәеит, асахьаркыратә ҵараиурҭа афонд злашьақәгылоу атәы
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи асахьаркыратә ҵараиурҭа афонд аҟынтә ачымазара змоу ахәыҷы лыцхырааразы аҭииразы иқәыргылан аушьҭымҭацәа руаӡәк иусумҭа. Ишԥашьақәгылоу аҵараиурҭа афонд, иарбан усумҭақәоу уахь иалрыԥшаауа, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит, асахьаҭыхҩы, аҵараиурҭа арҵаҩы Руслан Габлиа.
Асахьаркыратә ҵараиурҭа иамоу аусумҭақәа закәанла хәышықәса афонд аҿы иҟазароуп. Уи нахыс ауп аусумҭа автор аҩныҟа игар аналшо, мамзарагьы аӡәы ахархәаразы иҭаразы азин аныҟоу ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Габлиа.
"Аҵараиурҭаҿы аус зуеижьҭеи ҩынтәуп, абасала аусумҭа ацхыраара аҟаҵаразы иқәҳаргылоижьҭеи. Афонд даара ахылаԥшра амоуп, иара иреиӷьу аусумҭақәа рыла ишьақәгылоуп. Аибашьра ҟалаанӡа, 80-тәи ашықәсқәа рзы афонд абылрагьы иақәшәахьан. Усҟан еиқәдырхеит. Уажәы зегьы еиқәшәшәа иҵәахуп", – иҳәеит Габлиа.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0