Иахьарнахыс Аԥсны иаартуп ачашәаратә аамҭа
11:48 17.08.2024 (ирҿыцуп: 13:08 17.08.2024)

CC0 / /
Анапаҵаҩра
АҞӘА, нанҳәа 17 - Sputnik. Иахьарнахыс Аԥсны иаартуп ачашәаратә сезон, ашәарах ашьразы — жьҭаарамза 1 нахыс.
Аԥсны рышьра ҟалоит: абӷаџьма, ақәасаб, абынҳәа, амшә, абга, абгалаџ. Азин ыҟам Ашәҟәы ҟаԥшь иану рышьра. Арахь иаҵанакуеит адәԥыҭҳәа, абнацгәы, аҵларкәыкә, ишәаҳәо аҵарақәа. Уи адагьы, ашәарыцара ҟалом аҳәырԥсаррақәа, амилаҭтә паркқәа, ааглыхратә ҭыԥқәа рыҟны, ақалақьқәа рыкәша-мыкәша х-километрак иахьаҵанакуа.
Ашәарыцаҩ шәарыцара данҭыҵуа имазароуп х-шәҟәык: ашәарыцаратә еилазаара аҟынтә ашәҟәы, ашәақь аныҟәгаразы Аԥсны ААР аҟынтәи аршаҳаҭга, иара убас аҳәынҭбаџь шшәоу азы абӷьыц.
Ареспубликаҿ ашәарыцаратә аамҭа хыркәшахоит хәажәкыра 15 рзы.

