Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны хатәгәаԥхарала еибашьуаз, аԥырҩы Сергеи Подпругин дыргәаладыршәеит Аҟәа

© Sputnik / Сария КварацхелияВечер памяти добровольца из России, полковника Сергея Подпругина прошел в Музее боевой славы в Сухуме
Вечер памяти добровольца из России, полковника Сергея Подпругина прошел в Музее боевой славы в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.08.2024
Анапаҵаҩра
Арратә ԥырҩы, аескадрилиа адҵаҟаҵаҩ Сергеи Подпругин Аԥсныҟа дааит аибашьра ианалагаҵәҟьа, 413 уахи-ҽни Аԥсны ахақәиҭра дазықәԥон. 40 агуманитартә ресқәа рыла шәҩыла амацәаз иҭакыз Тҟәарчал ауаа алигеит.
АҞӘА, нанҳәа 22 - Sputnik, Сариа Кәарацхьиаԥҳа. Урыстәылантәи Аԥсны иааны хатәгәаԥхарала еибашьуаз, аԥырҩы Сергеи Подпругин игәалашәара ахәылԥаз мҩаԥган Аҟәа, нанҳәа 22 рзы.
Подпругин Аԥсныҟа амаҵураныҟәара ҳәа даашьҭын Аџьынџьтәылатә еибашьра аламҭалаз. Иҩыза, Аԥсны арра-ҳаиртә мчрақәа рыдҵаҟаҵаҩ Адгәыр Гәымба иажәақәа рыла, Подпругин "аиаша ахьыҟаз гәаҭан" иӡбеит аԥсуаа дрыцхраарц.
Усҟан аҭагылазаашьа уадаҩын Тҟәарчал, амацәаз иҭакыз ақалақь аҿы ирызхомызт афатә-ажәтә, ахәшәқәа. Ақалақь аҽамадара алшон мҩа заҵәык ала – ҳауала. Урыстәылатәи аԥырҩцәа Тҟәарчалҟа агуманитартә реисқәа мҩаԥыргон. Амацәаз иҭакыз ақалақь ахь инаргон афатә, иалыргон аҳәса, ахәыҷқәа, ахәцәа. 1992 шықәса ԥхынҷкәын 14 рзы Сергеи Подпругин Аԥсны ажәҩан далан, аҩбатәи аверталиот аԥырҩс дыҟан.
"Уи амш азы Сергеи Михаил-иԥа аԥхьа инеиуаз аверталиот мҩанигон. Ибеит аракета шҭҟьаз, ишԥжәаз, аха цхыраашьа имамызт. Иара ихаҭа зыԥсҟы икыз аверталиот ахаҭагьы уаала иҭәын. Абылра иаҿыз аверталиот знык дахыԥраан Гәдоуҭаҟа ихы ирхеит. Ари арыцҳара иара ахаангьы ибла ихыҵуамызт. Еснагь игәалашәон", - ҳәа иҳәеит Гәымба.
Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин ҭабуп ҳәа ахиҳәааит аԥсуа жәлар ирывагылаз урыстәылаа ргәалашәара ахькадмыршәуа.
"Ари атәылеи ари амузеии Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан рыжәҩахыр рымаздаз урыстәылаа рхадыршҭуам. Иахьа Аԥсны ауааԥсыра ирацәаҩны хатәгәаԥхарала украинатәи анацистцәа ирҿагыланы еибашьуа ҳаруаа ирывагылоуп, Курскгьы налаҵаны. Зны Лаҭатәи арыцҳара ҳгәы шаҳнархьуаз еиԥш, иахьагьы ҳгәы ҳахьуеит. Асовет Еидгыла арбџьармчқәа ирааӡаз апрофессионалтә аруаа аԥснытәи аибашьра иалахәын, аибашьра ашьҭахьгьы аҭынчра еиҿыркаауан", - ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин.
Арратә ԥырҩы, аескадрилиа адҵаҟаҵаҩ Сергеи Подпругин Аԥсныҟа дааит аибашьра ианалагаҵәҟьа, 413 уахи-ҽни Аԥсны ахақәиҭра дазықәԥон. 40 агуманитартә ресқәа рыла шәҩыла амацәаз иҭакыз Тҟәарчал ауаа алигеит. Аибашьраан иааирԥшыз агәымшәараз ианашьан Леон иорден.
Арратә ԥырҩы Подпругин идунеи иԥсахит нанҳәа 24 2016 шықәсазы.
Ажәабжьқәа зегьы
0