00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:00
30 мин
08:30
31 мин
13:00
30 мин
13:30
31 мин
18:00
31 мин
18:30
31 мин
21:00
31 мин
21:30
31 мин
08:00
30 мин
08:30
31 мин
On air
13:00
30 мин
On air
13:30
31 мин
On air
18:00
31 мин
On air
18:30
31 мин
On air
21:00
31 мин
On air
21:30
31 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ҳагԥҳа ахәыҷбаҳчақәа рааӡаҩцәа ирзырхоу апроект иазкны

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ҳагԥҳа ахәыҷбаҳчақәа рааӡаҩцәа ирзырхоу апроект иазкны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа–абаза Адунеизегьтәи аконгресс иаԥшьнагеит ахәыҷбаҳчақәа ирзырхоу апроект ҿыц. Уи аҳәақәа ирҭагӡаны иазгәҭоу, ианхацыркхаз, имҩаԥызго, шаҟаҩы алахәхо атәы, арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит Аԥсуа-абаза конгресс аҵареи, асоциалтә активреи, агәабзиарахьчареи рыҟәша аиҳабы Изольда Ҳагԥҳа.
Ахәыҷбаҳчақәа рааӡаҩцәа рзы атренингқәа рымҩаԥгара иазкуп Аԥсуа-абаза конгресс аҵареи, асоциалтә активреи, агәабзиарахьчареи рыҟәша апроект ҿыц.
Ашколқәранӡа иаҵанакуа ахәыҷқәа рпсихикатә ҿиара ашәагазагақәа, адырра иашақәа рырҳара, ахәыҷқәа аҵара ахьырҵои рыҿиара ахьымҩаԥысуа аҭыԥқәеи рҭагылазаашьа, ӷәӷәала, ма ибааҧсымкәа зцәажәара еилагоу ахәыҷқәа аус рыдулашьа, ааӡамҭацәа р ҭаацәеи ааӡаҩцәеи рыбжьара аимадара ашьақәыргыларазы аусура, уҳәа азҵаарақәа ирылацәажәоит апсихологцәа, алогопед-адефектолог.
Убас ашколқәранӡатәи аҵарадырра иадҳәалоу апроблемақәа ирызкыз ҩымштәи атренинг мҩаԥган Гагра араион ахәыҷбаҳчақәа рааӡаҩцәа рзы. Апроект анагӡаҩцәа иргәиҭоуп ҳазҭоу ашықәс ҭагалан азы, аиҧш зеиԥшу атренинг Гәдоуҭа араион ахәыҷбаҳчақәа рааӡаҩцәа рзы амҩаԥгара.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0