Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Қәҭелиа ашколқәа арҵага шәҟәқәа рыла реиқәыршәаразы: азҵаара аркхап ҳәа ҳгәыӷуеит

Қәҭелиа арҵагашәҟәқәа рыла ашколқәа реиқәыршәаразы: азҵаара аркхап ҳәа ҳгәыӷуеит
Анапаҵаҩра
Ашколқәа сынтәа арҵага шәҟәқәа рыла иахьынӡеиқәыршоу атәы арадио Sputnik аефир аҟны дазааҭгылеит Ауаажәларра рымдараразы Аԥсны аҵара аминистрра аҟәша аиҳабы Аслан Қәҭелиа.
15-нызқь рҟынӡа Аԥсны иҭыҵуа ашәҟәқәа рзыршоит актәи акласс инаркны ажәеизатәи аҟынӡа. Урҭ рырҭоит аҵара аҟәшақәа, ашкол-интернатқәа, алицеи-интернатқәа ҳәа иҳәеит Қәҭелиа. Убасгьы раԥхьаӡа акәны ирзыршоит "Аҟәыбҷа" захьӡу ааигәа иҭыҵыз аиқәыршәа, Ада Кәарҷелиаԥҳа аиҵбыратә классқәа рзы еиқәлыршәаз ацхыраагӡақәа.
"Аҵара аминистрра аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы иашьҭоуп ашколхәыҷқәа шәҟәыла реиқәыршәара. Жәаҳәарада, уи азҵаара макьана аҵыхәтәанынӡа иӡбоуп ҳәа ҳҳәартә иҟам, аха аиҳарак иахьынӡазалшо аӡбара иаҿуп. Иаарласны уи азҵаара зынӡаск иаркхоит ҳәа ҳгәыӷуеит", - иҳәеит Қәҭелиа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0