Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Аб Игнати (Кьиут) Нанҳәа азы: даара пату зқәу ныҳәоуп Аԥсны

Аб Игнати (Киут) Нанҳәа азы: гәырӷьаратә ныҳәоуп
Анапаҵаҩра
Нанҳәа 28 рзы Аԥсны иазгәарҭоит Нанҳәа - Анцәа иан лылацәеиқәыԥсара амш. Нанҳәа ҳажәлар рҟны ақьырсиантә ныҳәеи атрадициатә культура, атрадициатә динхаҵара еилаӡҩаны, еилаҵәаны иазгәарҭоит.
Иԥшьоу Иоанн Ахьҿы изку Камантәи аберҭыԥ ахылаԥшҩы аигумен Игнати (Кьиут) арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит аиаша қьырсиан динхаҵараҟны 12 ныҳәа хада ируаку Нанҳәа, игәалаиршәеит ихәыҷра ашықәсқәа рзы аныҳәа лаша рышҽазыҟарҵоз.
Иара иазгәеиҭеит ари аныҳәа лаша Аԥсны лымкаала ишазыҟоу.
"Адунеи ахьынӡанаӡааӡо аиаша қьырсиан дин иазҿлымҳау ажәлар даара бзиа ирбоит ари аныҳәа. Аԥсынтәыла даара пату ақәҵаны иаԥылоит. Ари амш Ацқьа Мариа лылацәа анеиқәылԥсаз ауп, аха лара дымԥсӡеит. Лцәеижь цқьа ажәҩан ахь ихалеит", - иҳәеит Кьиут.
Аԥшьаҩы иазгәеиҭеит Нанҳәа аԥсцәа ирныҳәаны ишыҟам, агәырӷьареи абзареи ишрымшу, анцәа ианиашьапкуа, ихьӡала ианныҳәо акәны ишыҟоу.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Традициала Нанҳәа аҽны аԥшәмаԥҳәыс, аԥҳәыс цқьа ҳәа изышьҭоу, аныҳәаразы ачашә ҟалҵон, арбаӷь лшьуан, Анан цқьа лымҵаныҳәаразы иахәҭаз ачыс азлырхион, анаҩс лышьҭахь аҭаацәа ргыланы дныҳәон.
Нанҳәа аҽны аишәа иқәдыргыло афатә хққәа рахьтә ихымԥдатәиуп аҿамаҿа- аџьықәреи жәны, алаҳа, ацха цқьа, акарпыжә, ашьынка, ажәакала, аамҭа иунаҭо ашәырхқәеи афатәқәеи. Иара убас, аишәа иқәырҵоит алҩаҵә зхылҵуа аҳалуа, ацәашьы аԥырӷы иҿҳәарҵоит, афҩы дыргоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0