Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Аоперациа ҷыда иахьаҵанакуа аиланхарҭақәа Стельмаховкеи Николаевкеи рхы иақәиҭтәуп

© Sputnik / Павел Лисицын / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРабота разведчиков Новороссийского десантно-штурмового горного соединения на Запорожском направлении
Работа разведчиков Новороссийского десантно-штурмового горного соединения на Запорожском направлении - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.08.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, нанҳәа 29 – Sputnik. АҞӘА, нанҳәа 29 - Sputnik. Аоперациа ҷыда иахьаҵанакуа Лугансктәи Жәлар Рреспублика аиланхарҭа Стельмаховкеи Донецктәи Жәлар Рреспублика аиланхарҭа Николаевкеи урыстәылатәи аруаа рхы иақәиҭыртәит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аимнистрра.
Аоператив-тактикатә авиациеи, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәеи, аракетатә ари, артиллериеи ахара ихысуа Storm Shadow аҵәахырҭақәа, анефҭбаза ааха рырҭеит, 135 раион рҿы УАМ аруааи атехникеи ршьаҟьеит.
Урыстәыла аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа икарыжьит анапхгара ззыруа авиациатә бомбақәа Hammer хԥа, ареактивтә хгәыцә HIMARS, аԥырҩы дызҭам украинатәи ахархәагақәа 36. Амшын еиқәа акваториаҿы Амшынеиқәатә флот амчрақәа иҭадырхеит УкрАм иатәу арныҟәаҩ дызҭам акатерқәа хԥа.
Аоперациа ҷыда иалагазар, иҭархоуп 640 украинатә ҳаирплан, 283 вертолиот, 30649 аԥырҩы дызҭам ахархәага, 575 зениттә ракетатә комплекс, 17593 танки еиуеиԥшым аибашьыга техникеи, 1426 артиллериатә шьақәгылеи аминаршәгеи, иара убасгьы иҷыдоу арратә автомобилтә техника – 25335.
Ажәабжьқәа зегьы
0