Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Кәаӷәаниа аспирантура иҭало рзы: даҳҿаҟәандаз ҳәа ҳаҟам, ҳаимыхәозар ҳаиԥырхагам

Кәаӷәаниа аспирантура иҭало рзы: даҳҿаҟәандаз ҳәа ҳаҟам, ҳаимыхәозар ҳаиԥырхагам
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ирыланаҳәеит 2024-2025 шықәсазтәи аҵарашықәс азы аспирантурахь адкылара шыҟало еиуеиԥшым азанааҭқәа рыла. Иарбан занааҭқәоу академиа аспирантцәа ирыдныгало, шаҟа азҿлымҳара рымоу аҿарацәа рҵарадырра аизырҳара, иарбан лшарақәоу дара ирзаатуа, арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аспирантуреи акадрқәа разыҟаҵареи рыҟәша аиҳабы Валентин Кәаӷәаниа.
Аспирантурахь адкыларақәа мҩаԥысуеит аа-занааҭк рыла : Аԥсны аҭоурых, аԥсуа литература, аԥсуа бызшәа, аекономикеи жәлар рынхамҩа аусбареи, иаарту азинтә ҭҵаарадыррақәа, ахархәаратә математикеи аинформатикеи, аԥсабаратә ҭаҵәахқәа рзин, аграратә, аекологиатә зин, аентомологиа. Аспирантурахь аҭалара рылшоит Аԥснытәи ауниверситет мамзаргьы даҽа иреиҳаӡоу ҵараиурҭак аҟны зҵара бзианы ихзыркәшаз, анаукаҟны аԥеԥш имоуп ҳәа ашәҟәы зцырҵаз дарбанзаалак аушьҭымҭа, иҳәеит Кәаӷәаниа. Адкыларақәа раан имҩаԥысуеит аԥышәарақәа х - маҭәарк рыла. Иалихыз ахырхарҭала амаҭәар ҷыда, афилософиа, атәым бызшәа. Аԥышәарақәа мҩаԥгахоит абҵарамза 4 инаркны ԥхынҷкәын 14-нӡа. Аспирант ԥшьышықәса аҵара иҵоит. Аспирантурахь азаанаҭқәа зегьы ҭыԥк-ҭыԥк рзалхуп, аҭоурых ахь ицо - ԥшь-ҭыԥк.
"Анаукахь ахԥибаҽҽра ыҟам ҳазҭагылоу аамҭазы, убри аҟынтәи ҳара аҭҵаарадыррахь зхы зырхаз ауаҩы гәаартыла ҳаиԥылоит, даҳҿаҟәандаз ҳәа ҳаҟам, ҳаимыхәозар ҳаиԥырхагаӡам, имҩа ааҳартуеит. Агәаԥхара имазар, ҟыбаҩ ҷыдак иманы ҳбар, дҳадаҳкылоит, ҳивагылоит, ҳицхраауеит анапхгаҩцәа реиԥш", - иҳәеит Кәаӷәаниа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0