Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

РУСДРАМ алаҳәара ҟанаҵоит Владислав Арӡынба иԥсҭазаареи ихаҭареи ирызку апиесақәа аицлабра

© Sputnik / Томас Тхайцук Здание РУСДРАМа
Здание РУСДРАМа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.08.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, нанҳәа 30 - Sputnik. РУСДРАМ алаҳәара ҟанаҵоит Владислав Арӡынба иԥсҭазаареи ихаҭареи, аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥараан иара идҳәалоу аҭоурыхтә хҭысқәеи ирызку апиесақәа аицлабрахь ишаднакыло азы.
Аицлабра иалахәхар рылшоит зықәра наӡахьоу Аԥсны атәылауааи аҳәаанырцәуааи.
Владислав Ардзинба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.05.2024
Владислав Арӡынба иажәеи иаамҭеи
Азыҳәақәа рыдыркылоит 2025 шықәса лаҵара 14 рҟынӡа абри аҭыӡҭала: info@rusdram.org. Кандидатк иҟынтәи урысшәала иҩу ҩ-рҿиамҭак иреиҳамкәа (25 000 кьыԥхь дырга еиҳам).
Иреиӷьу апиесақәа РУСДРАМ алабараториа ҷыда аусура аҳәаақәа ирҭагӡаны иқәыргылахоит. Иаиааиз апиеса аԥаратә ԥхьахә анашьахоит, 45-тәи атеатртә сезон азы иқәыргылахоит.
Аԥсны раԥхьатәи ахада, аорден "Ахьӡ-Аԥша" I аҩаӡара занашьаз, Аԥсны Афырхаҵа Владислав Арӡынба диит лаҵара 14 1945 шықәсазы.
Ажәабжьқәа зегьы
0