Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Цәыббрамзазы Аԥсны Аҵара аминистрра 15 000 инареиҳаны аԥсуа рҵагашәҟәқәа ашеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Ребенок делает уроки
Ребенок делает уроки  - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.09.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 6- Sputnik. 15 000 инареиҳаны Аԥсны иҭыжьу аԥсуа рҵагашәҟәқәа цәыббрамзазы Аҵара аминистрра иашеит ашколқәа рҟны ҳәа лҳәеит аминистр ихаҭыԥуаҩ Ада Кәарҷелиаԥҳа арадио Sputnik аинтервиу аҭо.
"Ари апроцесс макьанагьы ицоит. Еиҭа иааргараны иҟоуп Аԥсны аҭоурых азы ашәҟәи аҽа шәҟәқәаки", - ҳәа лҳәеит лара.
Кәарчелиаԥҳа иара убасгьы илҳәеит, атәылаҿ 60 000 рҟынӡа урыстәылатәи арҵагашәҟәқәагьы шазымхо. Ари зыхҟьаз шықәсқәак раԥхьа ареспубликахь иааргаз ашәҟәқәа ахьажәыз ауп.
Изданные в Абхазии учебники начал выдавать Минпрос - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.08.2024
Аԥсны
Аҵара аминистрра Аԥсны иҭыҵыз арҵагашәҟәқәа ршара иалагеит
Ажәабжьқәа зегьы
0