Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Цандрыԥшь иахьаҵанакуа ареспубликатә мҩаду хадаҟны автомашьына амца акит

© Foto / ПСО по охране Гагрского района"Уазик" сгорел на республиканской трассе в районе Цандрыпша
Уазик сгорел на республиканской трассе в районе Цандрыпша - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.09.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 9 - Sputnik. Цандрыԥшь иахьаҵанакуа ареспубликатә мҩаду хадаҟны автомашьына "УАЗ" ааҳәын амца акит ашәахьа, цәыббра 9 рзы ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит Гагра араион ахьчаразы аԥшаара -аиқәырхаратә ҟәша аҟнытә.
АҶА ашҟа адырра ҟаҵан асааҭ 10:50 рзы. Амца дырцәеит.
Амашьына аныҟәцаҩ ааха иоуит. Амцарцәаҩцәа анааи иара ахәшәтәырҭахь дыргахьан, иԥсҭазаара ашәарҭара иҭагылам.
Аусбарҭаҟны ишырҳәаз ала, "УАЗ" ааҳәит автомашьына ВАЗ-2107 иареи реиҿасра иахҟьаны. Егьи автомашьына алашарбагақәа ԥҽит.
Ажәабжьқәа зегьы
0