Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Бжьаниа: Аԥсни Шьамтәылеи рыбжьара аусеицура аԥхьаҟагьы аҽарҭбаалоит

© Foto / Ппресс-служба Президента Республики АбхазияФлаги Сирии и Абхазии
Флаги Сирии и Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.09.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 11– Sputnik. Аԥсни Шьамтәылеи рыбжьара аусеицура аԥхьаҟагьы аҽарҭбаалоит, иӷәӷәахалоит.
Аслан Бжьаниа шьамтәылатәи иколлега Башар Асад иирамш идиныҳәалеит.
Аԥсны ахада иажәақәа рыла, Асад хаҵаҵас ижәлар ринтересқәа ихьчоит имариам аҭагылазаашьақәа раан, Шьамтәыла ганрацәалатәи аизҳареи аԥхьаҿиареи рымҩала игоит.
"Аԥсны ажәлар гәык-ԥсык ала ҳтәыла ахьыԥшымра ахьазхашәҵаз ҭабуп ҳәа ахырҳәаауеит, Аԥсни Шьамтәылеи ирыбжьоу аиҩызара ахәшьара ҳарак арҭоит", — ҳәа азгәеиҭоит Бжьаниа.
Лаҵара 29 2018 шықәсазы Шьамтәыла официалла Аԥсны асуверенитет азханаҵеит. Анапы аҵаҩын ахьыԥшымра азхаҵареи адипломатиатә еимадарақәа рышьақәыргылареи рзы Аусԥҟа.
Ажәабжьқәа зегьы
0