Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны атәылауаҩ хыԥхьаӡара рацәала аҭаҭынаалыҵ аҳәаа ахыгара ҩынтә иҽазишәеит

© Foto / Служба по городу Сочи Краснодарской таможниГражданин Абхазии дважды пытался незаконно ввезти в Россию крупную партию сигарет
Гражданин Абхазии дважды пытался незаконно ввезти в Россию крупную партию  сигарет - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.09.2024
Анапаҵаҩра
2024 шықәса мшаԥы акы аахыс ЕАЕС аҳазалхратә ҳәаа закәаншьаҭада зыхәԥса 100 000 мааҭ иахысуа арыжәтәи аҭаҭыни раалыҵ аҳәаа иахызго иганахь ала ашьаус хацдыркуеит. Ахатәхархәараз ииагахар ҟалоит 200 сигарет, ма 50 сигара (сигарилл), ма 250 грамм аҭҭын.
АҞӘА, цәыббра 12 – Sputnik. Аԥсны атәылауаҩ ҩынтә иҽазишәеит закәаншьаҭада хыԥхьаӡара рацәала аҭаҭынаалыҵ Урыстәылаҟа аиагара. Абри атәы аанацҳауеит Краснодартәи аҳазалхырҭа апресс-маҵзураҟны.
Ахаҵа Аԥснынтәи Урыстәылаҟа аҳәаа дахысуан ачемодани амҩатә шәыреи иманы. Агәаҭараан идбалан асигарет "CHAPMAN" 760 ҭоԥ. Атауар аџьармыкьатә хәԥса 140 000 мааҭ артәоит.
Мчыбжьқәак раԥхьа, ари ахаҵа идырбалеит 760 ҭоԥ асигарет. Атауар имхны иганахь ала ашьаус хацыркын.
Иара 300 000 мааҭ инаркны миллионк рҟынӡа ахараԥса иршәахар ҟалоит, мамзаргьы хәышықәсанӡа ихақәиҭра далхәыдатәхар алшоит.
Гражданин Узбекистана пытался провезти в Абхазию более 45 килограммов насвая - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.09.2024
Аԥсны
Узбекисҭан атәылауаҩ 45,7 кьыла насваи захьӡу аҭаҭынаалыҵ Аԥсныҟа алагалара иҽазишәеит
Ажәабжьқәа зегьы
0