Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Астолқәыршә аԥсуаа ртрадициатә етикет аҟны

© Foto / Есма ТодуаСкатерть ручной работы
Скатерть ручной работы - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.09.2024
Анапаҵаҩра
Ажәытәан аԥсуа ҭыԥҳацәа ашьамхқәыршәқәеи, астолқәыршәқәеи, ампахьшьқәеи напыла иқәҵаны иҟарҵон. Астолқәыршә ианнакыло аҭыԥ ҷыда ҳадылгалоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа.
Астолқәыршә аишәа архиара, аишәачара акультура иахәҭакуп. Аԥсуаа ртрадициатә етикет аҟны астолқәыршә аҭыԥ ҷыда ааннакылоит. Аишәачарақәа рҟны, иаҳҳәап амаҵ зуа рзы ампахьшьқәа шырзыҟарҵоз еиԥш, астолқәыршәқәагьы иара зызку аишәазы хазы иалкааны иӡахны, иқәҵаны иҟарҵон. Ақәыршә символс ишьҭнахуеит ачашәара, асасдкылара, аҿиара, абарақьаҭра. Ақьабзқәа рҟны уи ишьҭнахуеит даҽа функциак - ашьакаҭәара атрадициа иахәҭакны, аӡәы акы ианашьара, имдара аанарԥшуеит.
Ҿырԥштәыс иааҳгозар, ҳара ҳазлахәыз Леиаа рыжәлантә рныҳәараҟны урҭ зыхныҳәоз амаҭәарқәа ируаку "аҳамӷә" - ақәыршә шкәакәа ақәыршәны ҩнаҭак аҟынтәи даҽа ҩнаҭак ахь ииаргоит. Аныҳәара мҩаԥызго рҭаацәараҟны уи шықәсык ус икҿаргыланы ирымоуп иара иазылху аҭыԥ аҟны, анеҩстәи ашықәс азы аныҳәара аиҿкаара здыло аҭаацәарахь ииаргоит. Ақәыршә шкәакәа араҟа амаҭәар (аҳамӷә) аӡәы ианашьара, уи ахылаԥшра, ацқьара, адоуҳара аныҟәгара афункциа нанагӡоит.
Адәны ақәыршә иара аишәа ахаҭа афункциа нанагӡоит уҳәар ауеит. Адәны акрырфозар ақәыршә нкаршәны ачыс уа иқәҵаны инадтәалоит. Еиуеиԥшым аныҳәарақәа раангьы, иаҳҳәап аҭаца аӡха дганы данырныҳәоз, уа аӡы ахықәан ақәыршә (ашьыршьаф шкәакәа) нкаршәны инатәон, мамзаргьы аныҳәаразы иржәыз акәакәарқәа ақәыршә рықәдыршәуан.
Старший научный сотрудник Отдела этнологии Абхазского государственного музея, этнолог Инга Шамба. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.09.2020
Арадио
Аҭоурых иагәылаҵәаху: Шамԥҳа ԥшь-ҿык змоу ампахьшьы иазкны
Аҩны иҟоу аишәа атәы ҳҳәозар, анкьа ишазгәарҭоз ала, аҩны абарақьаҭра ацәымӡырц азы аишәа ҭацәызар ҟалаӡом, уи хымԥада ақәыршә ақәыршәызароуп, акы ықәгылазароуп. Аишәа уаара ҳәа еимырдозаргьы (ацәгьа-абзиа аан) акы ақәмыршәкәа еимырдаӡом.
Ачаразы аҭаца лстол иқәдыршәуеит иҿыцу, уаҩ дызкьымсыц ақәыршә. Аԥсра ахьыҟоу акәзаргьы аишәа акы ықәмыршәкәа идыргылом. Уимоу қәыршәла ихырҩоит аҩны иҟоу асаркьақәа зегьы.
Ақәыршә ахархәара аманы иубоит амагиатә қьабзқәа рҟынгьы, аԥшра анымҩаԥырго. Иара убас, еиуеиԥшым амифологиатә персонажцәа (амаҭ, аԥсы, Ӡызлан уҳәа иреиуоу) "ргәы аҟаҵара", ԥырхага ауаҩы изырымурц азыҳәан ақәыршә каршәны (ашәхымс иларшәны) чаӷьак ықәырҵоит, ахш ықәдыргылоит. Ҳәамҭақәак ишырҳәо ала, амаҭ ахьтәы тәыҩа хәыҷқәа змоу абас еиԥш азыҟауҵар, иара ааины атәыҩақәа канаршәуеит ҳәа.
Аҩнаҭаҟны аныҳәақәа раан, уи ашықәс ҿыц оума, амшаԥы аан аума, ма даҽа ныҳәак азы шамахамзар ақәыршә ҿыцқәа рыла иԥшӡаӡа аишәа хырҟьоит. Уи аҩнаҭа аиҿкаара аанарԥшуеит, абарақьаҭра иадыргоуп.
Џьырхәатәи ашкол аҟны ажәытә аԥсуа напкымҭақәа руада - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.11.2019
Агара, напылақәҵара ампахьшьқәа, акыдыршәылақәа: џьырхәатәи ажәытәра аҭынха
Асасааирҭа агәҭаны идыргылон аԥсуа ичеиџьыка ҭбаа иадыргоу, напыла иқәҵаны иҟоу ақәыршә змоу аишәа. Аԥсуаа напыла иқәҵаны иҟарҵон акрыфараан имҟьашьырц азы ирықәдыршәуаз ашьамхқәыршәқәа. Зегьы ԥшӡаӡа, ицқьаӡа аишәа адтәалара аетикет аҟазшьа рныԥшуа. Напылақәҵара астолқәыршәқәа ҟазҵоз дреиуан Џьырхәа ақыҭа инхоз Надушьа Габниаԥҳа. Уи лнапкымҭақәа еиқәлырхеит Гәында Еныкь-Габниа, аныҳәақәа раан лара аус ахьылуа Џьырхәатәи ашкол аҟны ицәыргақәҵаны аҵаҩцәа напылақәҵара ақәыршәқәа, ампахьшьқәа уҳәа рыӡбахә рзеиҭалҳәоит, идлырбоит. Ас еиԥш иҟоу анапылақәҵаратә лыхқәа аԥсуаа ртрадициа аазырԥшуа уажәшьҭа музеитә ҭынхақәоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0