Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Чамагәуаԥҳа Владимир имҩаԥысуаз афестиваль аҿы рықәгылара иазкны

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Чамагәуаԥҳа Владимир имҩаԥысуаз афестиваль аҿы рықәгылара иазкны
Анапаҵаҩра
Авокал-инструменталтә ансамбль "Гәында" Владимир имҩаԥысуаз афестиваль "Золотое кольцо" аҟнынтә ихынҳәит. Ишԥарыдыркылеи аҭыԥҳацәа Урыстәыла, ишԥашьақәгылаз рпрограмма, абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит ансамбль асахьаркыратә напхгаҩы, Аԥсны Жәлар артистка Роза Чамагәуаԥҳа.
Афестиваль аҿы аҳәынҭқарра дуқәа – Индиа, Китаи, Бразилиа, Сербиа рҟынтә аколлективқәа ықәгылеит. Убри аан Аԥснытәи ансамбль азҿлымҳара бзиа аман ҳәа азгәалҭеит Чамагәуаԥҳа.
"Адырра анҳарҭа нахыс аҽазыҟаҵара ҳалагеит. Ҳара ҳашәақәа зегьы аӷьараҳәа ицо роуп. Инеилаԥса-ааилаԥсаны иҟасҵеит апрограмма, уа аурыс шәақәагьы алоуп. Даара ибзианы ирыдыркылеит. Ҳформақәа зегьы иаарылукаартә иҟан. Ашәақәа даара иргәаԥхеит. Ишԥаԥшӡоу ҳәа ҳарҳәон", - еиҭалҳәеит Чамагәуаԥҳа.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0