Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟәа ақалақьтә еизара 2024 шықәсазтәи аҳҭнықалақь абиуџьет аԥсахрақәа аланагалеит

© SputnikСухумское городское собрание
Сухумское городское собрание  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.09.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 19 — Sputnik. Аҟәа ақалақьтә еизара 2024 шықәсазтәи аҳҭнықалақь абиуџьет аԥсахрақәа аланагалеит.
2024 шықәса аамз рыҩнуҵҟа ақалақь абиуџьет иаланагалеит 569,7 миллион мааҭ.
Аҟәа хада Беслан Ешба иажәақәа рыла, абиуџьет 110% нагӡан, уи иабзоураны 75 миллион мааҭ ахашәала ҟалеит.
Аҳҭнықалақь ахада ажәалагала ҟаиҵеит арҭ аԥарақәа аргылара-арҽеиратә усурақәа, ақалақьтә маҵзурақәа атехника ҷыда рзаахәара, амшцәгьақәа раан ааха зауз ауаа ацхыраара рыҭара ирзырхарцаз.
"Ақалақь абиуџьет зыӡбахә ҳәоу аԥарақәа ирҭагӡаны арҳамҭақәеи аныхтәқәеи рыхәҭахьы аиҭакрақәа алагалазарц ҳшәыдҵааларц ҳаӡбеит. Бжьаратәла 50 миллион мааҭ аргылара-монтажтә усурақәа ирзырхахоит, 20 миллион мааҭ раҟара — иҷыдоу атехника аахәара, 5 миллион мааҭк рҟынӡа — аԥсабаратә рыцҳарақәа ирыхҟьаны аԥхасҭа зауз афинанстә цхыраара рыҭаразы арезервтә фонд ахарҭәаара", — ҳәа адырра ҟаиҵеит Ешба.
Ақалақьтә еизара адепутатцәа аҳҭнықалақь анахгара ражәалагала иадгылеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0