Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳашыгԥҳа еиҭалҳәеит Аҟәа аныҳәатә уснагӡатәқәа шеиҿкаахо

Ҳашыгԥҳа еиҭалҳәеит Аҟәа аныҳәатә уснагӡатәқәа шеиҿкаахо
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аиааиреи Ахьԥшымреи рымш ныҳәа 31 шықәса ахыҵуеит. Аҟәа ақалақь ахадара акультура аусбарҭа аиҳабы Наала Хашыгԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит аҳҭнықалақь аҟны арҭ амшқәа рзы аныҳәатә гәалаҟара аԥҵаразы еиҿыркаауа ауснагӡатәқәа ртәы.
Цәыббра 27 рзы Аҟәа ахақәиҭтәра амш аҽны асааҭ 10 рзы ашәҭқәа шьҭаҵахоит Ахьӡ-аԥш абаҳчаҟны аԥсадгьыл ахьчаҩцәа рбаҟа амҵан. Анаҩс имҩаԥысуеит еиуеиԥшым аспорттә хәмаррақәа, ацәыргақәҵа еиҿкаахоит аԥшаҳәаҟны, убасгьы "Аиааира ахылҵшьҭрақәа" захьӡу арра-патриоттә усмҩаԥгатә, Багаԥшь ихьӡ зху ахан аҟны анапылымпыл асра, аԥшаҳәа иахьазааигәоу аветеранцәа рыбжьара ашьапылымпыл асра. Асааҭ 6 рзы ахәылбыҽха Аҳәынҭқарратә филармониаҟны еиҿкаахоит аконцерт, уи убасгьы иалахәхоит Адыгатәылантә ансамбль.
Цәыббра 30 рзы аныҳәатә уснагӡатәқәа раӷьырак еиҿызкаауа акультура аминистрра ауп, лҳәеит Ҳашыгԥҳа. Аҳҭнықалақь ахадара уи аҽны аспорттә еицлабрақәа ирыцнаҵоит. Урҭ мҩаԥыслоит Багаԥшь ихьӡ зху аспорттә хан аҟны, амшын аԥшаҳәаҟны, ақалақь аҟны.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0