Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аслан Бжьаниа дидикылеит Нижни Новгород ахада Иури Шалабаев

© Sputnik / Томас ТхайцукАслан Бжания встретился с делегацией Нижнего Новгорода
Аслан Бжания встретился с делегацией Нижнего Новгорода - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.09.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 27 - Sputnik. Аслан Бжьаниа дидикылеит Нижни Новгород ахада Иури Шалабаев.
Аԥсны ахада иазгәеиҭеит ареспублика аинтерес шамоу Нижни Новгороди иареи еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла аусеицыруларазы.
"Урыстәылатәи афедерациеи ҳареи иҷыдоу аизыҟазаашьақәа ҳабжьоуп. Ҳара ҳазхазҵахьоу аҳәынҭқаррақәа ыҟоуп, аха Урыстәылеи ҳареи ҳаизыҟазаашьа иаҩызоу аҽаџьара иҳамам. Урыстәыла ҳара ҳастратегиатә партниор ауп", — ҳәа иҳәеит атәыла ахада.
Иури Шалабаев Бжьаниа иҭабуп ҳәа иеиҳәеит иҟаиҵаз адкылара ҟәандаз, иазгәеиҭеит Нижни Новгород гәҭакыс ишамоу Аԥсни иареи реизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара. Аиашьараз аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра уи шьақәнарӷәӷәоит ҳәа азиԥхьаӡоит иара.
Ажәабжьқәа зегьы
0