Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны иҭахаз аибашьцәа ргәаладыршәеит Аҟәа
10:30 30.09.2024 (ирҿыцуп: 10:48 30.09.2024)
© Sputnik / Томас ТхайцукПамять погибших в Отечественной войне народа Абхазии почтили в Сухуме
© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш есышықәса ареспубликаҿы иазгәарҭоит цәыббра 30 рзы.
АҞӘА, цәыббра 30 - Sputnik. Аҟәа Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы игаз Аиааира амш азы ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара иалагеит.
Агәаларшәаратә усмҩаԥгатә рхы аладырхәит атәыла ахада Аслан Бжьаниа, уи ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба, Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Шамба, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аахыҵ Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев, аиҳабыратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа, аветеранцәа, хатәгәаԥхарала еибашьуаз, ауаажәларра .
Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш есышықәса ареспубликаҿы цәыббра 30 рзы иазгәарҭоит. 1993 шықәсазы абри амш аҽны Аԥснытәи архәҭақәа Егры аӡиас аҳәааҿы инеит.