Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсныҟа "иаку" абилеҭ ала хәнызқьҩык инареиҳаны апассаџьырцәа ааит

© Sputnik / Томас ТхайцукТуристический сезон в Гаграх
Туристический сезон в Гаграх  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.10.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 1 - Sputnik. 2024 шықәса мшаԥымза 30 инаркны цәыббрамза 30 рҟынӡа Урыстәылантә Аԥсныҟа "иаку" абилеҭ ала 5 000-ҩык инареиҳаны апассаџьырцәа ааит. Абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла атранспорт аминистрра.
"Иаку абилеҭ" ала Адлертәи аихамҩатә вокзали Шәачатәи аҳаирбаӷәазеи рҟынтәи апассаџьырцәа Гагра, Пицунда, Гәдоуҭа, Афон ҿыц, Аҟәа ақалақьқәа рахь иргоит.
Аиҳараҩык атуристцәа Пицунда иаҭааит — 46%, Аҟәа — 20%.
2023 шықәсазы Аԥсныҟа "иаку" абилеҭ ала аныҟәара мҩаԥыргеит 6000-ҩык апассаџьырцәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0