Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Ҳагба Урыстәыла адәныҟаполитикатә усбарҭа ахада иҳәамҭақәа ирызкны

Хра злоу ахҭысқәа: Ҳагба Урыстәыла адәныҟаполитикатә усбарҭа ахада иҳәамҭақәа ирызкны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров ҵакыданы иԥхьаӡоит аиадертә бџьар знапаҿы иҟоу аҳәынҭкарра - Урыстәылатәи Афедерациа абашьра. Ажәашықәсақәа ҵуеит НАТО Абжьаратәи Азиеи, Кавкази алаҵәара агәҭакны Урыстәылазы ашәарҭара аԥнаҵоижьҭеи иҳәеит Лавров, убри аан иазгәеиҭеит ацәажәара ишазхиоу Еиду Амилаҭқәа реиҿкаара атрибуна аҟынтәи. Аполитик иааԥхьареи, дыззааҭгылаз азҵаарақәеи еиҳа инарҭбааны арадио Sputnik аефир аҟны дрылацәажәеит аполитолог Беслан Ҳагба.
Қырҭтәыла имҩаԥысраны иҟоу алхрақәа рнаҩс иубарҭахоит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи уи шаҟа ҭынчрала иазыҟо,у ҳәа иԥхьаӡоит аполитолог.
Қырҭтәылеи Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи реинырнааларазы ацәажәарақәа рымҩаԥгара Урыстәыла ацхраар алшоит ҳәа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров иҳәамҭа ахҳәаа аҭо аполитолог иҳәеит адәныҟаполитикатә усбарҭа ахада ас аҳәамҭа зныкымкәа ишыҟаиҵахьоу, аха уи аан иара иазгәеиҭоит 2008 шықәсазы Урыстәыла Аԥсны аганахьала иаднакылаз аӡбамҭа хьаҵра аиураны ишыҟам.
Аицәажәара иаҳа инрҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0