Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Амҷыԥҳа "Шамба иаԥхьарақәа" ирызкны: аҿар рзы аусмҩаԥгатә аҵак ду амоуп

Амҷыԥҳа "Шамба иаԥхьарақәа" иазкны: аҿар рзы аусмҩаԥгатә аҵак ду амоуп
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы имҩаԥысит "Амилаҭтә зинтә системақәеи ҳаамҭазтәи адунеитә еиҿкаареи" ҳәа хьӡыс измоу II Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә конференциа "Шамба иаԥхьарақәа". Аконференциа аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсни Урыстәылеи рҵарауаа Тарас Шамба иҭҵаарадырратә усура аҭҵаареи ихьыԥшым аԥсуа ҳәынҭқарра ашьақәгылараҿы илагалеи ирызку ажәахәқәа ҟарҵеит. Урҭ рхыԥхьаӡараҿ иҟан аҿаргьы. ААУ, афилологиатә факультет, ажурналистика аҟәша III акурс астудент Мадина Амҷыԥҳа дықәгылеит "Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс иахьатәи аетап" захьӡу ажәахә лыманы. Арадио Sputnik аефир аҿы лара еиҭалҳәеит уи аус шадылулоз, изызкыз.
Аусумҭа хықәкыс иаман Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс иахьатәи аусура шышьақәгылоу аилкаара, иарбан хырхырҭақәоу азҿлымҳара зырҭо. Ажәахә иацын авидеоматериал, аусумҭа иаҳәо шьақәзырӷәӷәо, насгьы Мадина илҳәеит лхаҭа акырынтә Аԥсуа-абаза конгресс аусмҩаԥгатәқәа дышрылахәыз, уи ҩнуҵҟала ишылбахьоу.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0