Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аслан Бжьаниа Аԥсны арҵаҩцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАслан Бжания
Аслан Бжания - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.10.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 5 - Sputnik. Аслан Бжьаниа Аԥсны арҵаҩцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит.
Атәыла ахада иазгәеиҭеит арҵаҩцәа аҳәынҭқарра уаҵәтәи аԥеиԥш шырааӡо, рхы-рыԥсы иамеигӡакәа имҩаԥырго аус ахә ашьара шыуадаҩу.
"Шәара аҿар реиҵааӡараҿы, Аԥсны аԥеиԥш бзиа ачаԥараҟны ишәылшо рацәоуп", - аҳәоит адныҳәалараҟны.
Аҵаратә система аигьҭәразы аҳәынҭқарра иалшо зегьы ҟанаҵалоит, арҵаҩцәа рус аҟны адгылара рырҭалоит иҳәеит Бжьаниа.
Ажәабжьқәа зегьы
0