https://sputnik-abkhazia.info/20241007/akhyni-ayni-rybzhara-akadifaama--aa-1052502527.html
Аԥхыни аӡыни рыбжьара: Аҟәа акадифаамҭаз
Аԥхыни аӡыни рыбжьара: Аҟәа акадифаамҭаз
Sputnik Аҧсны
Аԥсны иахьаҵанакуа амра ԥхоит, ҽынла аҳауаԥхарра +25-29°C рҟынӡа инаӡалоит. Амзартә ԥхынра нҵәеит, аха Аԥсны амра каххаа иҟоуп. Аҳауаԥхарра градусқәак рыла... 07.10.2024, Sputnik Аҧсны
2024-10-07T14:18+0300
2024-10-07T14:18+0300
2024-10-08T09:10+0300
аԥсны
афотосахьақәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/0a/07/1052498513_0:160:3072:1888_1920x0_80_0_0_6894e2a66396f5007e2505768f0e511b.jpg
Аԥсны иахьаҵанакуа амра ԥхоит, ҽынла аҳауаԥхарра +25-29°C рҟынӡа инаӡалоит. Амзартә ԥхынра нҵәеит, аха Аԥсны амра каххаа иҟоуп. Аҳауаԥхарра градусқәак рыла ишеиҵахазгьы ауаа амшын аҿы аҽыкәабара иаҿуп, аплиажқәа рҿы амра рҽадырбылуеит. Аԥсшьаҩцәа абри ашықәс аамҭазы рыԥсы ршьар еиӷьыршьоит, адәахьы ашоура аныҟам. Ҭагалан асасцәа иара убасгьы иззаауа иреиуоуп аԥсабара аԥштә ҿыцқәа. Ҭагалантәи амшқәа аԥхарра рыҵоуп жьҭаара абжараанӡа, анаҩс ахьҭақәа ҟалоит. Аҟәа ауааԥсыреи асасцәеи аҳҭнықалақь аԥшаҳәаҿы акадифаамҭа шымҩаԥырго шәахәаԥш Sputnik афотолентаҟны.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/0a/07/1052498513_171:0:2902:2048_1920x0_80_0_0_369114fffd9f141a92a8b574d4337f43.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
афотосахьақәа, аԥсны, фото
афотосахьақәа, аԥсны, фото
Аԥхыни аӡыни рыбжьара: Аҟәа акадифаамҭаз
14:18 07.10.2024 (ирҿыцуп: 09:10 08.10.2024) Аԥсны иахьаҵанакуа амра ԥхоит, ҽынла аҳауаԥхарра +25-29°C рҟынӡа инаӡалоит.
Амзартә ԥхынра нҵәеит, аха Аԥсны амра каххаа иҟоуп. Аҳауаԥхарра градусқәак рыла ишеиҵахазгьы ауаа амшын аҿы аҽыкәабара иаҿуп, аплиажқәа рҿы амра рҽадырбылуеит.
Аԥсшьаҩцәа абри ашықәс аамҭазы рыԥсы ршьар еиӷьыршьоит, адәахьы ашоура аныҟам.
Ҭагалан асасцәа иара убасгьы иззаауа иреиуоуп аԥсабара аԥштә ҿыцқәа. Ҭагалантәи амшқәа аԥхарра рыҵоуп жьҭаара абжараанӡа, анаҩс ахьҭақәа ҟалоит.
Аҟәа ауааԥсыреи асасцәеи аҳҭнықалақь аԥшаҳәаҿы акадифаамҭа шымҩаԥырго шәахәаԥш Sputnik афотолентаҟны.

Аԥсны "акадифаамҭа" иасакьаҳәымҭоуп.

Аҳәыҳәқәагьы ҭагалантәи амра ашәахәақәа рҽарҭеит.

Ҭагалан аамҭа - ахәыцрақәа ираамҭоуп.

Ҽаҩраҭагалара аамҭазы амшқәа кьаҿхо иалагеит.

Амшынӡы аҟәандара маҷк ишылаҟәызгьы, макьана зҽызкәабо маҷӡам.

Ана-ара иуԥылоит амшынҭалара абзиабаҩцәа.

Быӷькаԥсан Аԥсны- зыԥсы зшьо рхыԥхьаӡара маҷӡам.

Ишьақәгылаз амшқәа аԥсыӡкра абзиабаҩцәа рхы иадырхәоит.


Ашоура бааԥскәа рнаҩсан ҭагаланатәи ахьшәашәара ааир зтахугьы ыҟоуп.

Аҟәа асасцәеи анхацәеи аԥхынтәи аԥхарра нрыжьыр рҭахым.

Уажәааны иҟало ашәырхкқәагьы маҷӡам.

Аҟәа ауааԥсыреи асасцәеи аҳҭнықалақь аԥшаҳәаҿы акадифаамҭа рхыргоит.