Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсни Урыстәылеи реиҳабырабжьаратә аинвестициақәа рзы аиқәшаҳаҭра иалацәажәеит адепутатцәа

© Foto / Пресс-служба Парламента АбхазииПроект Межправсоглашения между Абхазией и Россией об инвестициях обсудили в Парламенте
Проект Межправсоглашения между Абхазией и Россией об инвестициях обсудили в Парламенте - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.10.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 7- Sputnik. Урыстәылатәи аиуристтә хаҿқәа ареспублика аҵакыраҿы аинвестициатә проектқәа рынагӡара алыршаразы Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьарҵаз аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭра апроект иалацәажәеит Жәлар Реизара аҿы.
Аиԥылара рхы аладырхәит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа, аԥыза-министр Александр Анқәаб, аенергетика, аекономика, афинансқәа рминистррақәа рнапхгаҩцәа, апрокурор Хада, абри атәы аанацҳауеит Жәлар Реизара апресс-маҵзура.
Иазгәаҭоуп, Аиқәшаҳаҭра аинвестициатә проектқәа рынагӡара арманшәалареи, аекономикатә ҿиареи, атәылауаа рыбзазара аиӷьтәреи ишрызку.
Лаша Ашәба иажәақәа рыла, адепутатцәа адокумент апроект аганахьала имҩаԥырго аусура аетапқәа ируакуп иахьатәи реиԥылара.
"Адепутатцәа иҟарҵаз аиҭакрақәа зегьы Аиқәшаҳаҭра аҵыхәтәантәи авариант аҿы ианыԥшыр шалымшо еилыркаауеит, аха урҭ ргәаанагарала иҟоуп ари Аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра аламҭалазы, аиҿцәажәарақәа рымҩаԥысраан хшыҩзышьҭра зҭатәу, заҩсра ҟамло ахәҭақәак", — аҳәоит апресс-маҵзура адырраҭараҿы.
Аиқәшаҳаҭра аҵаки адепутатцәа иаларгалаз аиҭакрақәеи ирылацәажәеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0