Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны акультуратә афиша: ауарӷантә концертқәеи, аспектакльқәеи, ацәыргақәҵеи

© Sputnik / Томас Тхайцук Премьера комедии "Кто из нас глухой?" по одноименному произведению Шоты Чкадуа
Премьера комедии Кто из нас глухой? по одноименному произведению Шоты Чкадуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.10.2024
Анапаҵаҩра
Жьҭаара 7 инаркны 13 рҟынӡа Аԥсны имҩаԥысраны иҟоу акультуратә усмҩаԥгатәқәа рафиша.
Шәаԥхьаны, абри амчыбжь азы шәыԥсшьарамшқәа шәрызхәыц.

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа

Жьҭаара 9 асааҭ 19.00 рзы – III Жәларбжьаратәи аоператә фестиваль "Opera Viva" аартра.
Жьҭаара 10 асааҭ 17.00 рзы – III Жәларбжьаратәи аоператә фестиваль "Opera Viva" аҳәаақәа ирҭагӡаны, Вадим Судаков ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә капелла аконцерт.

Аԥсуа драматә театр

Жьҭаара 9 асааҭ 19:00 рзы – аспектакль “Ҳауа идагәада.”
Жьҭаара 11 асааҭ 19:00 рзы – арежиссор Гәдиса Ҭодуа имоноспектакль "Rock-n-roll асқам аҿы”. Ароль хада налыгӡоит Гәында Ажьиԥҳа.

Аҿар ртеатр

Жьҭаара 7 асааҭ 19:00 рзы – аспектакль “Аԥеиҳаб”.

РУСДРАМ

Жьҭаара 7 асааҭ 19:00 рзы – аспектакль “Кьоџьаа рҭыӡшәа”.
Жьҭаара 8 асааҭ 19:00 рзы – аспектакль “Ацынҵәарах”.
Жьҭаара 9 асааҭ 19.00 рзы – аспектакль “Аԥҳәыс бырг лҭаара”.
Жьҭаара 10 асааҭ 19.00 рзы – апсихологиатә қәгылара “Аметод”.

СКЛАД

Жьҭаара 11 рҟынӡа, асааҭ 12:00 инаркны 20:00 рҟынӡа – Лилит Матевосиан лхатә цәыргақәҵа “Ашыцҵәҟьагьы иагәалашәом”.

Пицундатәи аконцерттә зал

Жьҭаара 8, 11, 13 асааҭ 17:00 рзы – Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Лука Гаделиа инаигӡо ауарӷантә музыка аконцерт.
Ажәабжьқәа зегьы
0